АҞӘА, жәабран 12 - Sputnik. Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин диԥылеит.
"Аганқәа алацәажәеит ҩ-ганктәи аусеицура, Аинвестициатә программа ҿыц. Иара убасгьы ирзааҭгылан ОРВИ аларҵәара азыԥхьагәаҭара азҵаареи аурыс-аԥсуа ҳәаа аҿкчымазара змоу ауаа рахысра аԥырҟәҟәаара азҵаареи", - аҳәоит Аминистрцәа реилазаара асаит адырраҭараҿы.
Бганба ацҳаражәҳәаҩ изеиҭеиҳәеит аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҟны аусбарҭабжьаратә мобилтә гәыԥ аусура атәы, иазгәеиҭеит абри аҭыԥ аҿы Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура ахаҭарнакцәа 50-ҩык Киргизиа, Аҩадатәи Кореиа, Таџьикисҭан, Узбекисҭан ртәылауаа аҳәаа рахысра шыԥкхаз. Адокументқәа инарықәыршәаны аԥкрақәа амчра рымоуп 2020 шықәса хәажәкырамза 7-нӡа.
Аиԥылараҟны иара убасгьы ирылацәажәан Урыстәыла атәылауаа Аԥсны рмазара ахьчаразы акомиссиа аусура азҵаарақәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ахәышәтәырҭақәа, амҩақәа, аӡымҩангагақәа: Аинвестпрограмма ԥхьаҟатәи аобиектқәа
Агрба еиҭеиҳәеит Аинвестпрограмма ҿыц асиаҿы иарбоу аобиектқәа ртәы