Ахәышәтәырҭақәа, амҩақәа, аӡымҩангагақәа: Аинвестпрограмма ԥхьаҟатәи аобиектқәа

CC0 / / Ахәышәтәырҭақәа, амҩақәа, аӡымҩангагақәа: Аинвестпрограмма ԥхьаҟатәи аобиектқәа
Ахәышәтәырҭақәа, амҩақәа, аӡымҩангагақәа: Аинвестпрограмма ԥхьаҟатәи аобиектқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 22 рзы Аԥсны Аекономика аминистрраҿы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара асоциал-економикатә зҵаарақәа рзы аусутә еилацәажәара.

АҞӘА, ажьырныҳәа 24 – Sputnik. Аԥсны Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынбеи Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Игор Кошини реиԥылараан ирылацәажәан еиуеиԥшым азҵаарақәа, 2020-2022 шықәсқәа рызтәи асоциал-економикатә ҿиаразы Аинвестпрограмма анагӡара азҵаарагьы абрахь иналаҵаны.

Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.

"Раԥхьа иргыланы ҳалацәажәеит ахәыҷтәы республикатә хәышәтәырҭа аргылара азҵаара. Ишыжәдыруа еиԥш, уи аҵак ду змоу социалтә обиектуп", - иҳәеит Арӡынба.

Иара иажәақәа рыла, иахьатәи ахәышәтәырҭа ахыбра ҳаамҭа иақәшәо иҟаӡам. Абри инадҳәаланы иазԥхьагәаҭоуп Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҵакыраҿы ахыбра ҿыц аргылара.

"Аҭыԥ алаҳкааит. Уажәы Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра зықәшаҳаҭхаша атехникатә усдҵақәа ирылацәажәатәны иҟоуп", - иҳәеит Аекономика министр.

Афымцамч аӡын Аԥсныҟа аашьҭра азҵаара иалацәажәеит аԥсуеи аурыси ганқәа - Sputnik Аҧсны
Афымцамч аӡын Аԥсныҟа аашьҭра азҵаара иалацәажәеит аԥсуеи аурыси ганқәа

Аминистр ишиҳәаз ала, ахыбра апроект мҩаԥнагараны иҟоуп урыстәылатәи аилахәыра. Аилахәыра абри аус аҿы аԥышәа ду амоуп.

"Аилахәыра Аахыҵ Уаԥстәыла амедицинатә усҳәарҭақәа апроект рзыҟанаҵахьеит. Аиԥылараан ирылацәажәан 2017-2019 шықәсқәа рызтәи апрограмма иалаз аобиектқәа ахьынанамыгӡаз азы 2020-2022 шықәсазтәи апрограммахь риагара азҵаара. Арахь иаҵанакуеит Гагра араион аканализациатә ӡыҭгагақәа, Афон ҿыц ақалақь аҿы аканализациеи аӡымҩангагақәеи, автомашьынатә мҩақәа, егьырҭ аҭыԥқәа рыҿтәи аӡымҩангагақәа", - иҳәеит иара.

Аԥсны Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба диԥылеит Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Игор Кошин. Аиԥылараҿы иалацәажәан 2020-2022 шықәсқәа рзтәи асоциал-економикатә ҿиаразы Аинвестпрограмма анагӡара азҵаара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0