Аԥсны атәылауаҩ Шәача даанкылоуп амцацраҵарақәа рзы

Шәача ақалақь Лазаревск араион Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭахь аҭыԥантәи ауааԥсыра рмазара амца адыркуеит идырым ахаҿқәа ҳәа арзаҳалқәа роуан.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 17 - Sputnik. Шәача ақалақь Лазаревск араион Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа аусзуҩцәа абри аус аганахьала иааныркылеит 20 шықәса зхыҵуа аҭыԥантәи ауаҩԥси 32 шықәса зхыҵуа, уаанӡа аусӡбара зқәырҵахьаз Аԥсны атәылауаҩи. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.

Арҭ ахаҿқәа ф-былрак ирылахәуп ҳәа рганахь агәҩара рыманы иаанкылоуп. Аԥхасҭа азеиԥш хәыԥса 2 миллион мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Аусҭҵаара ишышьақәнаргылаз ала, ацәгьоуцәа мызқәак рыҩнуҵҟа амца здыркыз аҩнқәа, акаҳуажәырҭа, автомашьына рхатәтәыҩцәеи дареи аимакқәа рыман.

Ахҭысқәа инарыдҳәаланы аусҭҵаара хацыркуп. Иаанкылоу хәышықәса бахҭала ахгара рықәырҵар ҟалоит. Дара уажәы иаанкылоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: