Аԥсныҟа агероин алазгалоз агәыԥ рус Краснодар ирыӡбуеит

© Sputnik / Олег Золото / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНаркотики
Наркотики - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ашьаустә закәанеидкыла инақәыршәаны иаанкыло ахаҿқәа 10 - 20 шықәса иҭаркыр ҟалоит, ма рыԥсахьынӡаҭо бахҭала ирхыргар.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 -Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә Апрокуратура ашьаус хацнаркит агероин контрабандала имҩаныргоит ҳәа ахара зыдҵоу еиуеиԥшым амилаҭқәа рхаҭарнакцәа ргәыԥ. Абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә Апрокуратура асаит.

Ацәгьоуцәа ргәыԥ шьақәгылан Урыстәыла, Украина, Таџьикистан атәылауаа, 20 - 40 зықәра ыҟоу рыла. Иҟоу адыррақәа рыла агәыԥ напхгара аиҭон Таџьикистан атәылауаҩ.

Агәыԥ алахәылацәа аанкылан, анаркотикатә маҭәашьарқәа рымхын.

"Иарбоу ахаҿқәа 2018 ԥхынҷкәынмза инаркны ԥхынгәы 17 2019 шықәсанӡа мессенџьерк ахархәарала анаркотикатә маҭәашьар – героин рҭиуан. Ажьырныҳәа 16 2019 шықәса рзы ари амаҭәашьар контрабандала Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырахь иаларгалеит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Ахара здырҵо ахаҿқәа зегьы аанкылоуп.

Урыстәыла ашьаустә закәанеидкыла инақәыршәаны дара ирықәшәар ҟалоит ҭакрала 10 - 20 шықәса ма рыԥсахьынӡаҭо бахҭала ахгара.

Ажәабжьқәа зегьы
0