Аԥсуа капелла Шәачатәи афестиваль аҟны иқәгылеит

Иури Башмет напхгара ззиуа XIII Аӡынтәи жәларбжьаратәи аҟазара афестиваль мҩаԥысуеит жәабран 12 - 23 рзы. Аԥснытәи ахортә капелла ықәгылеит Алиса Дебольскаиа лыхьӡ зху ауарӷантәи акамертәи музыка аконцерттә зал аҟны жәабран 17 рзы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 18– Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥснытәи акапелла ахортә опера "Бориси Глеби рзы ажәабжь ду" иаланы Иури Башмет напхгара ззиуа XIII Аӡынтәи жәларбжьаратәи аҟазара афестиваль аҿы иқәгылеит, жәабран 17 рзы, ауарӷантәи акамертәи музыка аконцерттә зал аҟны ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит адирижиор, Аԥсны жәлар рартист Нодар Ҷанба.

"Ари баша операм, дунеитә премиероуп. Даара агәахәара ҳнаҭеит ҳақәгылара. Ҳара ҳзы ари ԥышәара дууп. Ҳкапелла аҽхәаԥхьыӡқәа маҷымкәа иазкын. Афестиваль аиҿкааҩцәа ԥхьаҟагьы аус ҳацура ргәы азыҳәоит. Ҳаргьы асеиԥш иҟоу апроектқәа рылахәра мап ацәаҳкуам", - иҳәеит иара.

Ахортә опера "Бориси Глеби рзы ажәабжь ду" иара убасгьы иалахәуп: Москватәи аконсерваториа акамертә хор, Тулатәи аҳәынҭқарратә хор, Нижни Новгород Амуниципалтә камертә хор, жәлартә хор.

Александр Чаиковски ирҿиамҭа "Бориси Глеби рзы ажәабжь ду" – ҭоурыхтә рҿиамҭоуп, Урыстәыла XI ашәышықәсазтәи ахҭысқәа рыӡбахә аҳәоит.

Аԥснытәи ахортә капелла Аӡынтәи афестиваль аҽазнархиоит

Ҷанба иажәақәа рыла аопера амузыка анагӡара имариоу усӡам.

"Аопера амузыка анагӡара имариоу усӡам, Аԥсуа капеллагьы иаразнакы иақәшаҳаҭымхеит афестиваль алахәра, избанзар асеиԥш иҟоу амузыка анагӡараҿы аԥышәа ҳамамызт. Аха апартитура ҳанахәаԥш, амузыка ҳгәаԥхеит. Напгьы алаҳкит", - иҳәоит иара.

Иури Башмет напхгара ззиуа XIII Аӡынтәи жәларбжьаратәи аҟазара афестиваль мҩаԥысуеит жәабран 12 - 23 рзы.

Аӡынтәи жәларбжьаратәи аҟазарақәа рфестиваль 13 шықәса рыҩнуҵҟа Урыстәыла ахьынӡанаӡааӡо ихадоу аӡынтәи культуратә хҭысхеит. Арахь иаауеит адунеи аҟны еицырдыруа ауаа, атуристцәа, апресса. Ари аусмҩаԥгатә аурыси адунеитәи культурақәа рыҿиарамҩа анырра анаҭоит, еиҿнакаауеит урыстәылеиԥш адунеитә культура атенденциақәа.

Аԥсуа капелла Шәачатәи афестиваль аҟны иқәгылеит