АҞӘА, жәабран 14 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥснытәи ахортә капелла жәларбжьаратәи Аӡынтәи афестиваль аҽазнархиоит ҳәа иҳәеит ахормеистер хада, Тулатәи аҳәынҭқарратә хор асахьаркыратә напхгаҩы Александр Соловиов.
Хымшуп Аԥснытәи ахортә капеллеи Соловиови арепетициақәа еицымҩаԥыргоижьҭеи. Аԥснытәи акапелла Аӡынтәи афестиваль аҟны иқәгылоит ахортә опера "Бориси Глеби рзы ажәабжь ду" иаланы. Иара убас аопера иалахәуп: Москватәи аконсерваториа акамертә хор, Тулатәи аҳәынҭқарратә хор, Нижни Новгород Амуниципалтә камертә хор. Александр Соловиов иажәақәа рыла, аопера аперсонаж хада – ахор ауп.
"Аопера "Бориси Глеби рзы ажәабжь ду" иалахәуп 150 рҟынӡа музыкант. Аопера аперсонаж хада – ахор ауп. Ари иуадаҩу партитуроуп. Ахԥатәи арепетициа мҩаԥаагахьеит, амузыкантцәа еинааланы еицықәгылартә аҟаҵаразы, уи Москвагьы имҩаԥаагахьан. Сгәы иаанагоит акапелла анагӡаҩцәа реилазаара аҽагәыланахалоит, ирылкьуам ҳәа", – азгәеиҭеит иара.
Адирижиор, Аԥсны жәлар рартист Нодар Ҷанба иажәақәа рыла, акапелла адунеитә премиера алахәхара – ҭоурыхтә хҭысуп.
"Агәахәара ду снаҭоит ҳкаппела абри аус ду иахьалахәу. Ари хортә опероуп. Азнеишьагьы аҽакуп. Дунеитә премиероуп. Аус ду луит Нора Мирод-иԥҳа Џьынџьалԥҳа. Адунеи еицырдыруа ахорқәа инарывагылеит ҳкапеллагьы", - иҳәоит Нодар Ҷанба.
Иури Башмет напхгара зиҭо XIII жәларбжьаратәи Аӡынтәи афестиваль мҩаԥысуеит Шәача, жәабран 12 - 23 рзы. Аԥснытәи ахортә капелла ықәгылоит ауарӷантәи акамертәи музыка иатәу Алиса Добольскаиа лконцерттә зал аҟны жәабран 17 рзы.
Аӡынтәи жәларбжьаратәи аҟазарақәа рфестиваль 13 шықәса рыҩнуҵҟа Урыстәыла ахьынӡанаӡааӡо ихадоу аӡынтәи культуратә хҭысхеит. Арахь иаауеит адунеи аҟны еицырдыруа ауаа, атуристцәа, апресса. Ари аусмҩаԥгатә аурыси адунеитәи культурақәа рыҿиарамҩа анырра анаҭоит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Аҳәынҭқарратә капелла Шәачатәи афестиваль аҟны иқәгылоит
-
Џьынџьалԥҳа Аӡынтәи афестиваль аҿы рықәгыларазы: егьырҭ ахорқәа ҳрыҵахарым
-
Барас Кәыџба Ахортә дирижиорцәа Жәларбжьаратәи реиндаҭлара далауреатхеит