АҞӘА, жәабран 19 – Sputnik. Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш аҽны акомандатә шахматтә турнир мҩаԥгахоит Аҟәа, жәабран 22 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Россотрудничество ахаҭарнакра аусзуҩ Борис Наҟоԥиа.
Аицлабрақәа ирылахәхоит Атәылахьчара аминистрра, Ашәарҭадаратә маҵзура, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, Апрокуратура хада, Аҳәаахьчаратә усбарҭа, Абыжьбатәи урыстәылатәи арратә база, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, Аҟәатәи актәи ашкол ркомандақәа.
"Командацыԥхьаӡа хҩык-хҩык ықәнаргылоит. Аинтерес зҵоу апартиақәа ҳарзыԥшуп. Аартра иалахәхоит атурнир иалахәу аминистррақәеи аусбарҭақәеи рхаҭарнакцәа, Аԥсны Ашахматтә федерациа ахада, Россотрудничество анапхгаҩы", - иҳәеит Наҟоԥиа.
Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш аҽны ашахматтә турнир еиҿкаахоит А.Е. Карпов ихьӡ зху ашкол аҿы Россотрудничество ахаҭарнакра аԥшьгарала. Атурнир аартхоит асааҭ 11:00 рзы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аиндаҭлара, ашьапылампыл, абокс: аспорттә еихьӡарақәа 2019 шықәсазы
Гәдоуҭа иаатит Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль "Abkhazia Open-2019"