Аиндаҭлара, ашьапылампыл, абокс: аспорттә еихьӡарақәа 2019 шықәсазы

© SputnikСоревнования "Run Swim Sukhum"
Соревнования Run Swim Sukhum - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2019 шықәса Аԥснытәи аспортсменцәа рзы имарымажахеит. Ареспублика аҩныҵҟаиԥш анҭыҵгьы ҳаспортсменцәа иреиӷьу ҳәа иалыркаауан еиуеиԥшым аиндаҭларақәа рҟны.

Sputnik

Аиндаҭлара хада

Екатеринбург, Аиндаҭларақәа ракадемиаҿ абҵара 2 рзы имҩаԥысит аԥснытәи абоксиор Игор Адлеиба дызлахәыз апрофессионалтә бокс ахәылԥаз. Аԥсуа боксиор Игор Адлеиба WBO аверсиала адунеи ачемпион ититул азы иқәгылараан диндаҭлон Венесуела аспортсмен Едди Кольменарес.

Игор Адлеиба - Sputnik Аҧсны
Игор Адлеиба иқәгыларазы: оумакала иуадаҩын

Игор 13 шықәса анихыҵуаз абокс ахь днеиит. Раԥхьатәи ирҵаҩы Едуард Џьопуа иакәын. Игор Адлеиба WBO аверсиала адунеи ачемпион ититул азы иқәгылараан диндаҭлон Венесуела аспортсмен Едди Кольменарес. Дара реиндаҭлара Игор иԥсҭазаараҿы ихадоу қәгылараны иԥхьаӡоит. Эдди Кольменарес иакәзар бжьы-қәгыларак мҩаԥигахьеит. Урҭ рҟынтәи фынтә даиааихьан, акы еиҭахарала ихиркәшеит.

Игор Адлеиба – Аԥсны изныкымкәа дачемпионхахьеит, абокс азы Урыстәыла имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи атурнирқәа дырчемпионуп, кикбоксинг (фул контакт) азы Адунеи ахраҿа ианашьоуп. Уажәшьҭа иара ианашьахаз адунеи ачемпион ититул ихьчароуп.

Ачемпионтә хьӡы азы ақәгылара

Абокс азы адунеизегьтәи аиҿкаара (WBO) аверсиала аҿар рыбжьара иреиӷьу ҳәа ахьӡ азы Санкт-Петербург еиндаҭлоз аԥснытәи абоксиор Баҭал Ҷежьиеи Украина абоксиор Џьамал Усманови еиҭахеит.

Аӡбаҩцәа руаӡәк Баҭал аԥыжәара ианеишьеит, аҩбатәи – Џьамал Усманов, ахԥатәи – еиҭахеит ҳәа иазиԥхьаӡеит. Абри ала аспортсменцәа еиҭоуп ҳәа аӡбра рыдыркылеит.

Баҭал Ҷежьиа индаҭлоз Украина абоксиор Џьамал Усманов апрофессионалтә ринг аҿы хәынтә дықәгылахьеит, хәынтәгьы аиааирақәа игахьеит.

 Батал Чежия  - Sputnik Аҧсны
Баҭал Чежьиа Санкт-Петербург имҩаԥысыз еиндаҭлара ахҳәаа азыҟаиҵеит

 

Аразны медалқәеи ахраҿеи

2019 шықәса рзы аԥсуа боксиор Харитон Агрба аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Минск имҩаԥысуаз Европатәи ахәмаррақәа рҿы. Харитон Агрба афиналтә еиԥылараан диқәшәеит Британиа Ду аҟынтәи абоксиор Пет Маккормак, уи х-раундк имҩаԥысуаз аиқәԥараҟны аочкоқәа рыла диҵахеит. Уаанӡа аԥсуа спортсмен ақырҭуа спортсмен Ескерхан Мадиеви украинатәи аспортсмен Евгени Баранови дыриааит.

Харитон Агрба арҭ аицлабрақәа рҟны абокс азы Урыстәыла еизгоу акоманда даланы дықәԥон. Аҩбатәи Европатәи ахәмаррақәа Минск имҩаԥысуеит рашәара 21 инаркны 30 рҟынӡа.

Минск имҩаԥысуа Европатәи ахәмаррақәа рыпрограмма иалоуп аспорт хкқәа 15 (23 спорттә дисциплинак), урҭ рахьтә 8 аквалификациа роуеит Токио имҩаԥысраны иҟоу Аолимпиатә хәмаррақәа-2020 ирылаларазы. Аицлабрақәа раан 200 комплект амедалқәа рзы еиндаҭлоит. Абокси адзиудои рзы аицлабрақәа Европа ачемпионатқәа рранг иаҵанакуеит.

Иара убасгьы Харитон Агрба аразны медал ианаршьахьан Германиа, адунеи Ахраҿа агараан. Аиндаҭларақәа ирылахәын 20 тәыла рҟынтәи аспортсменцәа. Имҩаԥысуан Киольн мшаԥы 10 - 13 рзы.

Харитон Агрба - Sputnik Аҧсны
Харитон Агрба Урыстәыла ачемпионат афиналбжахь днеиит

Харитон Агрба 2019 шықәса цәыббрамзазы Красноиарск имҩаԥысуаз Урыстәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ачемпионат аҟны хә-қәгыларак мҩаԥигеит, рыхәбагьы рҟны аиааира игеит. Ачемпионат иалахәын 300-ҩык аспортсменцәа Урыстәыла арегионқәа 40 рҟынтәи.

Аԥсуа қәԥаҩ Токио Аолимпиадаҿы

Баџьа Хәытаба Нур-Султан имҩаԥысуаз ақәгыларақәа рышьҭахь Токио 2020 шықәса рзы имҩаԥысраны иҟоу Аолимпиатә хәмаррақәа рахь апутиовка иҽаԥсеитәит.

22-шықәса зхыҵуа Баџьа Хәытаба изы Нур-Султан ақәгылара ԥышәа духеит. Актәи ақәгылараан иара диндаҭлон кореиатәи аспортсмен. Баџьа илиршеит 12:2 аиааира. Аҩбатәи аиндаҭлараан дицықәгылон австрийатәи аспортсмен. Убасҟангьы Баџьа 6:2 ҳәа аиааира игоит.

Аолимпиатә чемптон, адунеи хынтәтәи ачемпион, Европа хынтәтәи ачемпион ақырҭуа қәԥаҩы индаҭлараан Баџьа 14:4 ҳәа даҵахоит.

Баџьа Хәытаба далацәажәеит Аолимпиадахь ицаразы аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥиго

Атәыла ахада Ихраҿа

Урыстәыла Афедерациа ахада Ихраҿазы XVI аҽырыҩрақәа мҩаԥысуан Москватәи аҽырҩырҭа хадаҿы, рашәара 12 рзы.

Кубок президента России - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи аҽыҩқәа Урыстәыла Ахада Ихраҿа аԥхьахәқәа ргеит

 

Аԥсуа ҽыҩ Конард Лорд Урыстәыла Афедерациа ахада Ихраҿазы XVI аҽырыҩрақәа рҟны ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит. Аҽы аа-шықәса ахыҵуеит.

Ари аҽы уаанӡагьы ҩышықәса инеиԥынкыланы актәи аҭыԥқәа агахьан. Аҽырыҩра аҭоурых иаздырӡом ҽык инеиԥынкыланы ҩышықәса актәи аҭыԥқәа ааннакыло. Уажә, 2400 метра аҩраҿы ахԥатәи аҭыԥ агеит.

2000 метра еиԥхныҩлоз аҽқәа рыбжьарагь Аԥснытәи аҽыҩ Тиудор актәи аҭыԥ аннакылеит.

Аиндаҭларақәа ирылахәын Урыстәыла, ИАР атәылақәа, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи аҽыҩқәа.

Аԥхьахәтә фонд иартәон 10 миллион мааҭк.

Аиҿкааҩцәа: Урыстәыла ақыҭанхамҩа аминистрра, АЕ "Российские ипподромы".

Ахәыҷтәы иааирақәа

2019 шықәса акыр ибеиан еиуеиԥшым аспортхқәа рҟны аԥснытәи ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи риааирақәа рыла.

Арахь иаҵанакуеит: ахәыҷтәы шьапылампылтә клуб "Нарҭ" Дагомыс имҩаԥысуаз атурнир "DAGOMYSCUP" аҟны аиааира; карате кекусинкаи азы аиндаҭларақәа рҿы Домбаи аԥснытәи акоманда аиааирагара; косики карате азы Екатеринбург имҩаԥысуаз ачемпионат аҿы аԥснытәи аспортсменцәа риааира; Ханты-Мансиск ашьапылампыл асразы аицџьынџьуаа рыбжьара аиндаҭлараҿы аиааира; Петербург ашахматтә турнир аҿы аԥснытәи ашахмат асыҩ ахԥатәи аҭыԥ анкылара илшара.

Аиԥхныҩлареи аицыӡсареи

Swim Sukhum аҳәаақәа ирҭагӡаны 2019 шықәса аԥхынразы имҩаԥысит аӡсареи амшынтә дуатлони рзы аиндаҭлара.

аӡсареи амшынтә дуатлони рзы аиндаҭлара - Sputnik Аҧсны
Swim Sukhum мҩаԥысраны иҟоуп нанҳәа 4 рзы, Синоп

Аспорттә еиндаҭларақәа Swim Sukhum мҩаԥысуан Синоп, нанҳәа 4 рзы. Аиндаҭларақәа ҩба еиҿкаан. Актәи– замшын аҟны аӡсара, аҩбатәи– амшынтә дуатлон. Ахәыҷқәеи адуқәеи рзы еиҿкаан хаз-хазтәи адистанциақәа.

Сынтәа аиҿкааҩцәа ирыӡбеит аиндаҭларахк ҿыцқәа аларгаларц - "Swim Run".

Ари аиндаҭлараҿы рҽеиҭнырыԥсахлеит аспорттә дисциплинақәа ҩба – аӡсареи аиԥхныҩлареи. Урҭ мҩаԥысуеит Мокко Пляж аҿы. Ахәыҷтәы дистанциа аӡсараҿы 50 метра инаӡоит, аҩраҿы 100 метрак. Ахәыҷқәа рышьҭахь еицлабуеит адуцәа. Урҭ рыӡсаратә дистанциа – 100 метрак иҟоуп, рыҩратә– 200 метра.

Килиманџьаро аиааира

Хәажәкыра 7 - 8 рзы аспорттә клуб "Sport Apsny" алахәылацәа азнеиит Африка иреиҳаӡоу ашьха Килиманджаро ақәцәа. Аԥсуа альпинистцәа 5895 метра ихалеит.

Килиманджаро ахалара азыԥхьагәаҭан хәажәкыра 7 - 8 рзы. Иара далахәын Аԥсны атритлон азы Афедерациа ахада, аспорт клуб "Sport Apsny" анапхгаҩы Борис Барцыц.

Килиманджаро анапаҿы аагара иалагеит 4684 метра рҟынтәи хәажәкыра ааба, асааҭ 00:00 инаркны. Ашьыжь ашараз Килиманджаро ақәцә – Ухуру (5895 метра - аред.) иазнеиит.

"Уахынла ҳдәықәларц заҳаӡбаз ашьыжь ашацкыраз оумашәа иԥшӡароуп улаԥш ахьынӡанаӡо зегьы. -20 °С рҟынӡа ахьҭа ыҟан, аԥшаӷьы асуан. Ҳмыццакыкәа ҳнеиуан. Амҩан ахалара злымшакәа игьыжьуаз ауаа ҳԥылон еихьышәшәа-еиԥышәшәа", - ҳәа дахцәажәоит Барцыц.

Килиманджаро  - Sputnik Аҧсны
Килиманджаро ақәцәахь аԥснытәиқәа халеит

Аҳаракыраҿ ауаҩы ицәеижь дшазыԥшӡам ахы мҩаԥнагар ауеит иҳәоит иара. 5700 метра ианҩеи нахыс Килиманджаронӡа рымҩа ашьхеибаркырақәа ирхысуан ицон.

Ухуру ақәцәахь альпинистцәа ҩеит алагер аҟынтәи рдәықәлара ашьҭахь быжь-сааҭк рышьҭахь, ашамҭазы. Танзаниа абри аамҭазы ақәоурақәа ираамҭоуп, аԥсҭҳәақәа шыҟазгьы Борис игәаҳәара ду – Хемингуеи дыззышәаҳәоз Килиманджаро асы ибеит.

Ашьха ақәцәаҿы Бориси иҩызцәеи ирԥылеит ЕАА, Австралиа, Иапониа рҟынтәи альпинистцәа.

Напышьашәалатәи ақәԥара ачемпионцәа

Аԥснытәи аспортсменцәа Енри Агрбеи Ҭамаз Ҭарбеи напышьашәалатәи ақәԥараз адунеи Ахраҿаҟны араӡни аџьази ранашьахеит.

Напышьашәалатәи ақәԥаразы XI Адунеи Ахраҿа FCF-MMA мҩаԥысит абҵара 16-17 рзы Кисловодск.

Енри Агрба афинал аҿы Урыстәылатәи аспортсмен диндаҭлон. Ишаҳҭахыз еиԥш акәымкәа аҩбатәи аҭыԥ никылеит. Ҭамаз Ҭарба Индиатәи аспортсмен дииааиит аха Киргизиатәи аспортсмен иҿы даҵахеит. Иара ахԥатәи аҭыԥ иҽаԥсеитәит.

Атурнир FCF-MMA – иахықәкуп иреиӷьу аспортсменцәа ралкаара. Атурнир аиҿкааҩ: еиныррала напышьашәалатәи ақәԥара Афедерациа IF FCF.

Енри Агрба Напышьашәалатәи аиқәԥаразы адунеи дачемпионхеит

Атреилранинг азы раԥхьатәи аицлабрақәа

Раԥхьаӡакәны Аԥсны имҩаԥысит урыстәылатәи аилазаара "Wild Mountain Race" еиҿнакааз треилранинг азы аицлабрақәа. Уи зҽалазырхәыз 200-ҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан 18-ҩык Аԥсны Аҳәынҭқарра атриатлон Афедерациа ахаҭарнакцәагьы.

Урыстәылатәи аилазаара "Wild Mountain Race" еиҿнакааз треилранинг азы аицлабрақәа ммҩаԥысуан Аԥсны цәыббра 8 рзы. Аспортсменцәа адистанциақәа ҩба рҟны еицлабуан: 30 километри 65 километри. Ашьхараҿы иҩуаз рымҩа иахымҟьарц азы аиҿкааҩцәа амҩа аҵкарахь адыргақәа дыргылеит.

Карина Цикәытаниаԥҳа  - Sputnik Аҧсны
Арадио
Цикәытаниаԥҳа атреилранинг азы аицлабрақәа ирызкны: машәырда еилгеит, зегьы ибзианы иахысит

30 километраҿы еицлабуаз 167-ҩык алахәылацәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан 18-ҩык Аԥсны ахаҭарнакцәагьы. Амҩа ахы акит Иаӷьатәи аӡхыҽҽа абжьаларҭаҿы, анаҩс еиԥхныҩлоз аӡиас ирны, Ԥшаӷьышьха ихаланы аӡиа Риҵа инаӡеит.

Ахацәа рыбжьара 30 километр аҩраҿы, 3 сааҭки 45 минуҭи 52 секунди рыла имҩа хыркәшаны аиааира игеит Виачеслав Купыриов. Аҩбатәи аҭыԥ иҽаԥсеитәит Максим Кочергин. Уи илҵшәа – 4 сааҭки 6 минуҭки 42 секунди. 4 сааҭки 9 минуҭки 38 секунди рыла амҩа зегьы данысны, ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит Родион Видакас. Аԥсуа спортсменцәа рҟынтәи раԥхьатәи жәаҭыԥк аанызкылаз дрылоуп Саид Аргәын.

30 километр аҩраҿы аҳәса рыбжьара аҩбатәи аҭыԥ лҽаԥсалтәит Аԥсны ахаҭарнак Татиана Ергунова. 65 километра аҩра ахацәа реиндаҭлара Аԥсуа команда аҟынтәи далахәын Денис Саманба имацара.

Ажәабжьқәа зегьы
0