Баҭал Ҷежьиа ареитингтә қәгылара мҩаԥигоит Анапа

Апрофессионалтә бокс ашоу "Gladiator-VI" мҩаԥысуеит Анапа азал "Капитан" аҿы хәажәкыра 14 рзы. Иалагоит асааҭ 18:00 рзы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 20 – Sputnik. Баҭал Чежьиа Апрофессионалтә бокс ашоу "Gladiator-VI" далахәхоит. Апрофессионалтә бокс ашоу "Gladiator-VI" мҩаԥысуеит Анапа азал "Капитан" аҿы хәажәкыра 14 рзы, диндаҭлоит урыстәылатәи аспортсмен Сергеи Горохов.

Сергеи Горохов жәынтә аиааира игахьеит, ҩынтә даҵахахьеит.

Баҭал Чежьиеи Џьамал Усманови реиндаҭлара еиҭахарала инҵәеит

"Даара аԥышәа змоу спортсменуп", - иҳәоит уи изы Ҷежьиа.

Баҭал Ҷежьиа Абокс азы адунеизегьтәи аиҿкаара (WBO) аверсиала аҿар рыбжьара иреиӷьу ҳәа ахьӡ азы ақәгылара мҩаԥигеит абҵара 14, 2019 шықәса рзы Санкт-Петербург. Украинатәи аспортсмен Џьамал Усманови иареи рықәгылара еиҭахарала ихдыркәшеит.

Абри ашьҭахь Аԥснытәи абоксиор арадио Spunik амҩаԥгаҩ изеиҭеиҳәеит Абокс азы адунеизегьтәи аиҿкаара (WBO) аверсиала аҿар рыбжьара иреиӷьу ҳәа ахьӡ азы Санкт-Петербург иқәгылара аӡбаҩцәа ирыдыркылаз аӡбамҭа дшақәшаҳаҭым, Усманави иареи реиндаҭлара аҭыхымҭа деиҭашахәаԥшыз. Ихы бзианы иааирԥшит ҳәа ишишьо, аха аӡбара ахашшаара аҭахны иԥхьаӡом.

Аԥеиԥш ду ахь ашьаҿа: Баҭал Ҷежьиа Лондон ақәгылара дазыхиоуп

Аиҭахарагьы лҵшәа бзиоуп. Уи адагьы уи ԥышәоуп ҳәа азиҳәоит Ҷежьиа.

Ҷежьиа иара убасгьы иҳәеит аматч-реванш мҩаԥгазар шиҭахыз, аха Усманов икоманда уи мап шацәыркыз, избанзар дара аиҭахара иааирак еиԥш иазнеиуеит.

Баҭал Ҷежьиа – ажурнал "Про Бокс" аверсиала ИАРи Аславиан тәылақәеи дырчемпионуп, 2017 шықәса рзы Анапа имҩаԥысуаз ашоу "Гладиаторы ринга" аҟны даиааит, Ростов-на-Дону ақалақь аҿы апрофессионалтә бокс ахәылԥаз далахәны Москва иқәгылараан акамерун Даниел Нигата дииааиуеит.

22 шықәса зхыҵуа Баҭал Ҷежьиа иахьазы адунеитә реитинг аҿы 154-тәи апозициаҿ дыҟоуп, Урыстәыла – икапантә категориала аабатәи аҭыԥ аҿы дгылоуп.

Сергеи Горохов адунеи иреиӷьу 250 боксиор дреиуоуп. Урыстәыла иреиӷьу ажәаҩык дрылахәуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: