Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҳәаа иахыргеит х-миллион мааҭ рыхә амимоза

Амимоза раԥхьатәи апартиақәа Урыстәылаҟа аиагара иалагеит жәабран аԥхьатәи амшқәа рзы. Хәажәкыра 8 аламҭалазы амимоза наргоит Урыстәыла арегионқәа зегь рахь.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 25 - Sputnik. Шәачатәи аҳазалхыҩцәа ашәҟәы иҭаргалахьеит 25 тонна амимоза. Уи бжьаратәла ахәԥса 45 000 доллар (2,8 миллион мааҭ) артәоит. Абри атәы аанацҳауеит Шәачатәи аҳазалхра апресс-маҵзура.

Амимоза акоммерциатә партиақәа ирмариоу ашәҟәҭагалара иахрыжьуеит, иаарласны аҳәаа иахыргарц азы.

Амимоза аиҳарак аҭира мҩаԥысуеит хәажәкыра аԥхьатәи амшқәа рзы. Сынтәа иазыԥхьагәаҭоуп 150 тонна рҟынӡа ашәҟәҭагалара.

2019 шықәса рзы Аԥсны иалган 100 тоннак амимоза, 2017 шықәса рзы– 33,5 тонна.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: