АҞӘА, хәажәкыра 5 - Sputnik. Иахьатәи аамҭазы шәачатәи аҳазалхыҩцәа ашәҟәы иҭаргалахьеит 140 тонна ашәҭ аалыҵ. Абри атәы аанацҳауеит Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа апресс-маҵзура. Амимоза раԥхьатәи апартиақәа амҩа иқәыргалеит жәабран 7 инаркны.
2019 шықәса рзы амимоза заа ашәҭра иалагеит, аҳауа аԥхарра иахҟьаны. Убри инамаданы ашәҭ аҳәаа ахыгарагьы еиҳа заа иалагеит, иагьырацәахеит.
Асезон иалагӡаны иазԥхьагәаҭоуп 130 тонна ашәҭаалыҵ Урыстәылаҟа аиагара. Сынтәатәи ашықәс иаҿырԥшны, 2018 шықәса рзы Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ииаган 90 тонна инарзынаԥшуа амимозашәҭ.
Шәачатәи аҳазалхыҩцәа еиҭаргәаланаршәоит, 2019 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны Евразиатәи аекономикатә еидгыла (ЕАЭС) аҵакырахь ахатә хархәаразы иҳаиртәым атранспорт ала, ма шьапыла иалаланы иаларгало атауар ахәԥса 500 евро иеиҳамзароуп, акапангьы 25 кьыла иеиҳамзароуп. Ахәԥса, ма акапан еиҳахар, иаку азыԥҵәала (атауар ахәԥсаҟынтәи 30%, ма кьылак азы 4 еврок иеиҵамкәа) аҳазалхратә хшәаарақәа алагалатәуп.