Аминистрцәа реилазаара Лыхны ақыҭа ахадара Аҵәахырҭатә банк аҿаԥхьа ауалқәа анаркит

Лыхны ақыҭа ахадара Аԥсны Аҵәахырҭатә банк аҿы акредит агеит аӡымҩангагақәа раахәаразы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 26– Sputnik. Аминистрцәа реилазаара арезервтә фонд ахархәаразы Аминистцәа реилазаара ақәҵара инақәыршәаны иазыԥхьаӡоуп Гәдоуҭа араион азы миллионки 74 нызқь мааҭ абиуџьетбжьаратә трансфер мҩаԥгазарц. Абри атәы иҳәеит аиҳабыра раппарат анапхгаҩы Давид Сангәлиа.

Арҭ аԥарақәа азырхоуп Лыхны ақыҭа ахадара акредиттә уал азшәара. Аԥыза-министр Валери Бганба аҳәара ҟаиҵеит иарбан кредиттә еиқәшаҳаҭроу излацәажәо.

Иреиӷьу астандартқәа ирықәшәо: Лыхнытәи ашкол аремонт ашьҭахь иаартын

Афинансқәа рминистр Џьансух Нанба иҳәеит 2010 шықәсазы Лыхны ақыҭа ахадара Аԥсны Аҵәахырҭатә банк аҿы акредит агеит аӡымҩангагақәа раахәаразы ҳәа.

"Аусурақәа мҩаԥган, аха акредит аргьыжьра азыԥхьагәаҭамызт. Аҵәахырҭатә банк аӡбарҭаҿы иашшит. Хара имгакәа ари аус иахәаԥшраны иҟоуп", - иҳәеит Нанба.

Аҭагылазашьа уадаҩхеит ақыҭа ахадара ахыбра амца анакы адокументқәа ахьалаблыз азы.

"Ҳара Гәдоуҭа араион ахадарахь аҳәара ҟаҳҵеит акомиссиа аԥҵазарц аусурақәа рынагӡара атәы аилкаарази аԥарақәа хықәкыла иныхзу иныхымзу ашьақәыргыларази", - иҳәеит Нанба.

Акомиссиа аӡымҩангагақәа шышьҭаҵаз шьақәнарӷәӷәеит.

Нанба иажәақәа рыла 2010 шықәса раахыс акредит апроцентқәа х-миллион мааҭ дыртәеит, аха Аҵәахырҭатә банк аполитика ҿыц инақәыршәаны урҭ апроцентқәа амнистиа иаҵанакит.