Иреиӷьу астандартқәа ирықәшәо: Лыхнытәи ашкол аремонт ашьҭахь иаартын

© Sputnik / Сария Кварацхелия Лыхнытәи ашкол аремонт ашьҭахь иаартын
 Лыхнытәи ашкол аремонт ашьҭахь иаартын - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Платон Шьаҟрыл ихьӡ зху Лыхнытәи ашкол аремонт иалагеит 2017 шықәса рзы. Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны иазоужьын 113 миллион мааҭ.

АҞӘА, цәыббра 2 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Лыхнытәи ашкол аремонт ашьҭахь аусура иалагеит ҳәа алыцҳауеит аҭыԥ аҟынтәи Sputnik акорреспондент.

Ашкол ашҭаҿы имҩаԥган агәырӷьаратә еизара. Ашкол аартра амш аҽны арахь иааит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымбеи Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какобеи.

© Sputnik / Сария Кварацхелия Ашкол аартра иалахәын Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымбеи Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какобеи
Иреиӷьу астандартқәа ирықәшәо: Лыхнытәи ашкол аремонт ашьҭахь иаартын - Sputnik Аҧсны
Ашкол аартра иалахәын Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымбеи Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какобеи

 

Ашкол аҵара аҟәша аиҳабы Инга Ҭариа лажәақәа рыла, ашкол аҿы аҵара рҵоит 150-ҩык рҟынӡа аҵаҩцәа. Сынтәа актәи акласс ахь инеит 15-ҩык ахәыҷқәа.

"Ҳхәыҷқәа зегьы даара ибзиоуп. Иааӡоуп, адыррақәа роур рҭахуп. Аҵаратә еилазаара хаҭәааны ишьақәгылоуп. Амаҭәарқәа зегьы рзы арҵаҩцәа ҳамоуп", - лҳәоит лара.

© Sputnik / Сария Кварацхелия Актәи акласс ахь ицеит 15-ҩык аҵаҩцәа
Иреиӷьу астандартқәа ирықәшәо: Лыхнытәи ашкол аремонт ашьҭахь иаартын - Sputnik Аҧсны
Актәи акласс ахь ицеит 15-ҩык аҵаҩцәа

Платон Шьаҟрыл ихьӡ зху Лыхнытәи ашкол аартын 1981 шықәса рзы. Убри аахыс ара аремонт мҩаԥырымгацызт.

"Иахьа сара схаҭа раԥхьаӡа акәны ашкол ахь сцошәа сгәы ыҟоуп. Схаҭагьы абри ашкол ауп сзылгаз. 18 шықәса ҵуеит рҵаҩыс аус зуеижьҭеи. Аибашьра ашьҭахь акыр иуадаҩын. Иахьа ҳара иҳауит европатәи астандартқәа ирықәшәо ашкол", - лҳәоит арҵаҩы Шьазина Микаӡе.

11-тәи акласс аҵаҩы Камилла Чычԥҳа иазгәалҭеит ашкол аремонт азура арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи рзы ныҳәак ишеиԥшу.

Платон Шьаҟрыл ихьӡ зху Лыхнытәи ашкол аремонт иалагеит 2017 шықәса рзы. Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны иазоужьын 113 миллион мааҭ.

Иара убас шәаԥхьар ҟлаоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0