Аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит аамҭалатәи анхаразы азин ҟазҵо аинвестициақәа

Азакәанԥҵаҩцәа ргәаанагарала аамҭала анхаразы азин ацхыраауеи аҳәаанырцәтәи ахатәы капитал ареспублика адыԥхьаларазы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 26 - Sputnik. Аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит аамҭалатәи анхаразы азин ҟазҵо аинвестициақәа рхышәа-ҵышәа.

Аминистрцәа реилазаара ақәҵара апроект инақәыршәаны атәымтәылауаҩ, Аԥсныҟа 10 миллион мааҭ иреиҵамкәа аинвистициа ҟазҵаз ԥшьышықәса рҟынӡа аамҭала Аԥсны анхара азин иоуеит.

Аԥсны иааиуа 2019-2022 шықәсазы аинвистициақәа рхышәа-ҵышәа ҳәаақәҵоуп

Аԥсны аиҳабыра раппарат анапхгаҩы Давид Сангәлиа иазгәеиҭеит ақәҵара апроект ареспубликахь ахатә капитал алагалара ишазырхо.

"Ишдыру аиԥш аинвесторцәа ринвистициақәа ахьыҟало атәылаҿы аҟазаара аинтерес рыманы иҟоуп", - иҳәеит иара.

Сангәлиа иазгәеиҭеит ари аҩыза аус атәылақәа жәпакы рҿы ахархәара шамоу. Аԥыза-министр Валери Бганба иҳәеит ари ауснагӡатә атәылауаҩра иоура ма иааиԥмырҟьаӡакәа анхара азин иоура шакәым иаанаго.

Давид Сангәлиа иҳәеит анорматив-зинтә акт "Аԥсны Аҳәынҭқарраҿ атәымтәылауаа рзинтә ыҟазааразы" азакәан инақәыршәаны аус шадулаз.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Ахәышәтәырҭақәа, амҩақәа, аӡымҩангагақәа: Аинвестпрограмма ԥхьаҟатәи аобиектқәа