Аԥсны ААР апаспорттә усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ даанкылоуп

Вадим Кәаӡба иуымҭа заанаҵтәи аусҭҵаара Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷқәа "Амаҵзуратә напынҵақәа рхархәареи" "Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауҩшәҟә закәаншьаҭада рыҭареи" ҳәа ишьақәнаргылеит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 26 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ахәҭакахь ала Апрокуратура хада азыҳәа иақәшаҳаҭхеит амилициа аполковник Вадим Кәаӡба иаанкыларала ҳәа аанацҳауеит ареспублика Иреиҳаӡоу аӡбарҭа асаит.

"Заанаҵтәи аусҭҵаарала амилициа аполковник Вадим Кәаӡба Украина атәылауаҩ Олег Мыльцев Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩшәҟә иҭараан имаҵзуратә напынҵақәа ихы иаирхәон ҳәа агәаанагара ыҟоуп", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Вадим Кәаӡба 2020 шықәса хәажәкыра 5 рҟынӡа даанкылоуп. Апрокуратура хада аҳәара ҟанаҵахьан иара 2020 шықәса мшаԥы 21 рҟынӡа даанкылазарц.

Аҳҭнықалақь аӡбарҭа ақәҵара ахашшаара алшоит хымш рыҩныҵҟа.

Вадим Кәаӡба ахара ихарам ҳәа дшьоуп ихара шьақәдырӷәӷәаанӡа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: