Апарламент аԥсуа тәылауаҩшәҟәқәа закәанымкәа ишрырҭоз аанарԥшит

© Sputnik / Томас Тхайцукаԥсуа тәылауаҩшәҟәқәа
аԥсуа тәылауаҩшәҟәқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апарламент аԥсуа тәылауаҩшәҟәқәа закәанымкәа ишрырҭоз аанарԥшит Адепутатцәа ажәадгала ҟарҵеит аусҭҵаара мҩаԥысуанаҵы ареспублика апаспорт-визатә маҵзура аиҳабы иусураҟынтәи ихы дақәиҭтәызарц.

АҞӘА, жәабран 6 - Sputnik. Апарламенттә комиссиа иаанарԥшит аԥсуа тәылауаҩшәҟәқәа закәанымкәа ишрырҭоз. Абри атәы иҳәеит Жәлар реизара адепутат Дмитри Дбар Апарламент аилатәараҿы.

Аԥсны атәылауаҩшәҟәқәа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны атәылауаҩшәҟә ҿыцқәа роухьеит 120 000-ҩык ауааԥсыра

"Ҳара иааҳарԥшит аибашьраан иаҳҿагылаз, ахәрақәагьы зауз ауаа Аԥсны атәылауаҩ ишәҟәы закәаншьаҭада ишрырҭо. Уажәы уи аус аҭҵаара иаҿуп Апрокуратура хада. Иаарԥшын ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа инапынҵамҭа шырԥаршеиз, уи ҵаҵӷәыс иҟаҵаны атәылауаҩшәҟәқәа рыҿҳәара ишацырҵоз, уи азы аԥара шыргоз", - иҳәеит Дбар.

Иара убасгьы иҳәеит акомиссиа ишаанарԥшыз апаспорт-визатә маҵзура аусура ишахәҭаз еиԥш ишымҩаԥымсуаз.

"Аусзуҩцәа рҭыԥ аҿы иҟамызт, ашәҟәқәа алазҵоз ауаа агәаран иқәгылан", - иҳәеит иара.

Аԥсны апрокурор хада Адгәыр Агрба иҳәеит адепутатцәа рзыҳәа инақәыршәаны уажәы аусҭҵаарақәа шцо.

"Агәаҭара аматериалқәа иаадырԥшит 2017 шықәса рзы, ԥшьҩык ауааԥсыра атәылауаҩшәҟәқәа роурц амаҵзурахьы ианыдҵаала, дара ргәаҭараан мап рыцәкын. Аамҭақәак рышьҭахь ҩыџьа атәылауаҩшәҟәқәа роуит. Аԥсны АШәМ аҟынтәи адырра ҳауит урҭ, Ҷолариаа Қырҭтәыла аҵакыраҿы хҵәацәак рыҳасаб ала ашәҟәы иҭагалоуп ҳәа", - иҳәеит Агрба.

Абри инақәыршәаны 2018 шықәса рзы апаспорт-визатә маҵзурахьы ашәҟәы нашьҭын арҭ атәылауаҩшәҟәқәа ыргьыжьызарц.

"Хаҵеи ԥҳәыси Ҷолариаа, Колбаеи Миқааи Гал араион аҿы инхоит. Атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ иахь аҳәаанырцәтә тәылауаҩшәҟәқәа рыҿҳәара ацҵаразы, ашәҟәы ирҩыз инақәыршәаны, урҭ аамҭақәак рышьҭахь ртәылауаҩшәҟәқәа рыҿҳәара ирыцҵан" - иҳәеит иара.

Аха убри аан ахада Иусбарҭаҟны арзаҳалқәа шынарышьҭыз азы ҭаҩрак ыҟамызт, иҳәоит апрокурор хада.

"Уажәазы аусҭҵаарақәа мҩаԥысуеит. Урҭ макьана ихыркәшам, аха иубартә иҟоуп ацәгьоура шымҩаԥгаз. Ари аус иалаҟьышьу амаҵзуратә хаҿқәа рышьақәыргылара ҳаҿуп" - иҳәеит иара.

Гал араион аҟынтәи адепутат Каха Пертаиа иҳәеит атәылауаҩшә зҭаз руаӡәк иԥа Қырҭтәыла аҳәынҭсовет ар дрыланы дшеибашьуаз.

Адепутатцәа ажәадгала ҟарҵеит аусҭҵаара мҩаԥысуанаҵы ареспублика апаспорт-визатә маҵзура аиҳабы иусураҟынтәи ихы дақәиҭтәызарц.

Иара убасгьы иазгәаҭан апаспорт-визатә маҵзура аусура ишахәҭо еиԥш ишымҩаԥымсуа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0