АҞӘА, жәабран 26 - Sputnik. Америка ахада Дональд Трамп Урыстәыла аганахь ала асанкциақәа рыҿҳәара ирыциҵоит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Трамп игәаанагарала "асанкциа рыдгалатәуп Украина адемократиатә процессқәеи аинститутқәеи ҵызшәаауа; иара аҭынчреи аҭышәынтәалареи, асуверентәи аҵакыратәи акзаареи ирԥырхагоу; активқәа закәандарыла изтәызтәуа; иара убасгьы Еиду аштатқәа рмилаҭтә шәарҭадареи рыдәныҟатә политикеи рзы ашәарҭара зҵоу амчрақәа".
Ҟрым Урыстәыла иарегионхеит 2014 шықәса хәажәкырамзазы имҩаԥгаз ареферендум ашьҭахь. Ареферендум абжьыҭирала алхыҩцәа реиҳараҩык Ҟрыми Севастополи Урыстәыла адлара иадгылеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- ЕАА Урыстәыла аганахьала асанкциақәа дырҭбааит
Евроеидгыла Урыстәыла иазыҟаҵоу асанкциақәа рыҿҳәара иацырҵеит