Вашингтон агәаӷ шьҭыҵуеит: асанкциақәа Урыстәыла еиҳагьы аԥара азааргоит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВашингтон агәаӷ шьҭыҵуеит: асанкциақәа Урыстәыла еиҳагьы аԥара азааргоит
Вашингтон агәаӷ шьҭыҵуеит: асанкциақәа Урыстәыла еиҳагьы аԥара азааргоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа зегьы аамҭа-аамҭақәак рышьҭахь дара алазгало атәылақәа рполитикцәа рганахь ала дунеихәаԥшышьак-дунеихәаԥшышьак роуеит.

Адунеихәаԥшышьақәа револиуциа шамахамзар сценарик алоуп ишымҩаԥысуа – аԥхьа аҳәамҭа ҟәазқәа ҟарҵоит, нас гәыӷрақәак цәырҵуеит, нас еиқәыӡырыҩррахоит, аҵыхәтәаны иззыԥшыз акгьы шалымҵыз рбоит. Дара асанкциақәа аԥызҵаз изыдҟарҵалаз Урыстәыла аасҭа еиҳагьы аԥхасҭа шроуз рбоит.

Евроеидгыла Урыстәыла аганахьала асанкциақәа ирыцнаҵеит - Sputnik Аҧсны
Евроеидгыла Урыстәыла аганахьала асанкциақәа ирыцнаҵеит

Абарҭ аетапқәа зегьы ирхысыз политикны дшьоуп ааигәа Миунхентәи аконференциаҿ адипломатцәеи аруааи аартра ҟасҵеит ҳәа разҳәаз Франциа ахада Макрон.

"Урыстәыла аганахь ала иалаагалаз асанкциақәа иара Урыстәылаҿы иарбанызаалак ак рымԥсахит, ҳара ҳҿы акәзар апроблемақәа еиқәылеит. Ҳсанкциақәеи ҳконтрсанкциақәеи Урыстәыла аиҳагьы иззыцәгьахаз ҳара ҳауп. Сара урҭ аԥышәх ҳәа сҳәом, аха иҟоу ауп ишәасҳәо", - иҳәеит Макрон.

Иара убасгьы Франциа ахада ашәарҭадаратә усхк аҟны Урыстәыла аус ацура азҵаарақәа рзы инашьҭҩы ҷыда Пьер Вимон франциатәи асенаторцәа рҿаԥхьа дықәгыло иҳәеит: Европа зегьы аҿы ахәҳаахәҭра каҳаит, асанкциақәа аԥхасҭа ду ҳзыҟарҵеит. Убри аан Урыстәылеи Америкеи рыбжьара аилахәаахәҭра еиҳагьы ишьҭыҵит. Асанкциақәа ралагаларала ҳара Урыстәыла иаҳҭеит алшара ахатәы қыҭанхамҩа аизырҳаразы. Уи адагьы Урыстәыла Китаи аԥыжәара змоу партниорны иабо иҟаҳҵеит" ҳәа.

Аха парижаа раартрақәа америкаа рзы акгьы аанаго иҟам. Аҵыхәтәантәи аҿырԥшы: "Роснефть" швеицариатәи аҟәша аганахь ала асанкциақәа аланагалеит аилахәыра венесуелатәи анефҭ аҭира иалахәын ҳәа. Аԥхьаҵәҟьа асанкциақәа Москватәи абиржа акыр иаршәеит аха "Роснефть" акциақәа аамҭақәак ишлаҟәызгьы рҭыԥ ахь ихынҳәит.

Вашингтон иара "Роснефть" ахаҭаҵәҟьа асанкциақәа адгалара иацәшәеит, избанзар усҟан адунеитә енергетикатә џьармыкьа зегьы ааха аиуан. Уи адагьы аилахәыра акциақәа британиатәи British Petroleum, Катар афонд уҳәа рымазаара маҷк иархьшәашәеит америкатәи "ахьшьыцбақәа".

"Роснефть" швеицариатәи аҟәша аганахь ала аилахәыра венесуелатәи анефҭ аҭира иалахәын ҳәа асанкциақәа ралагаларала иара убасгьы ирҭахын венесуелатәи анефҭ аҭира аруадаҩра адагьы Москва Каракаси Мадурои рыдгылара иҟанаҵо иацәхьаҵыр.

Здание Конгресса США на Капитолийском холме в Вашингтоне - Sputnik Аҧсны
ЕАА Рконгресс Урыстәыла аҳәынҭуал аганахьала асанкциақәа арҽеирақәа рыларгалоит

Аха убри аан "Венесуела Путин иганахь ала адгылара аиуам ҳәа аҳәара иашам" ҳәа аҳәоит радио "Голос Америки".

Агентство Реитер иаҩуеит: "Москва венесуэлатәи анефҭ аекспорт амҩаԥгара агәы иҭазар, ЕАА асанкциақәа рхыкәшара алнаршоит" ҳәа иҩуеит Ендриу Бишоп Signum Global Advisors аҟынтә.

"Голос Америки" ажурналистцәа ракәзаргьы ЕАА асанкциақәа Венесуела заҟа хра рылоу аҟара америкатәи ахархәаҩцәа рыла Урыстәыла аԥара арҳауеит ҳәа рҳәоит. Ари ас шакәу аадырԥшит аҳазалхратә ҭҵаарақәа.

"Голос Америки" иара убасгьы иазгәанаҭоит Венесуела анефҭ егьырҭ атәылақәа рахь иахьазымҭиуазы Урыстәыла иааннархәоит, убри аан ироуа уи ахәԥса урыстәылатәи абџьар аахәарахьы инарышьҭуеит ҳәа. Ажәакала аԥара еиҭахгьы урыстәылоуп иззыхынҳәуа. Аокеан нырцәтәи ҳпартниорцәа иҟоу аҭагылазаашьа агәыҵха ду рнаҭоит. Урҭ ирбоит дара Венесуела аҳәынҭқарратә мчра аԥсахраз иҟарҵо аҽазышәара Урыстәыла аԥара ду шанаҭо.

Ари шиашамгьы Америка аҽакала ахымҩаԥгашьа аздырам. Асанкциақәа ԥхьаҟагьы иаланагалалоит. Насх, ажурналистцәеи аекспертцәеи еиуеиԥшым аҭыжьымҭақәа рҿы аԥхьаҩцәа иреилдыркаалашт асанкциатә лаба аҟьара аԥара ду шахыршәаази изахыршәаази.

Абасеиԥшқәа раан европатәи аполитикатә елитаҿы иҟоуп иҟарҵо иаиуа алҵшәақәа уажәнатә избо ауаа.

Вашингтон абри аганахь ала акреилызцо америкатәи аекспертцәа абжьгарақәа шыҟарҵогьы "асанкциатә ҳәҳәагақәа" ишрықәԥалац ирықәԥалоит.

Арҭ алҵшәақәагьы заанаҵы ак узрыхҳәаауам. Идыру акоуп – ус акә егьыс акә ЕАА азы агә иамыхәаша сиурпризхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0