Адгәыр Арӡынба иштабқәа русура ааныркылоит Бжьаниа ахәышәтәырҭа дахьҭашәаз азы

Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа иаалырҟьаны Шәачатәи ахәышәтәырҭахь днаргеит хәажәкыра 2 рзы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 2 - Sputnik, Бадри Есиава. Адгәыр Арӡынба иалхратә штаб аусура ааннакылеит ахадарахьы акандидатцәа руаӡәк - Аслан Бжьаниа - иаалырҟьаны ахәышәтәырҭа дахьҭашәаз инамаданы ашәахьа, хәажәкыра 2 рзы. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит ахадарахьы акандидат Адгәыр Арӡынба ипресс-маҵзура аиҳабы Гьаргь Берзениа.

"Ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа Шәачатәи ахәышәтәырҭақәа руак иаалырҟьаны дахьҭашәаз инамаданы, ахадарахьы акандидат Адгәыр Арӡынба иштаб аусуреи алхыҩцәа рԥылареи ааннакылоит", - иҳәеит Берзениа.

Аштаб аусура ҩаԥхьа ианхацнаркуа еилкаам, избанзар Бжьаниа игәабзиара аҭагылазаашьазы иҟам аофициалтә информациа.

Аслан Бжьаниа иаалырҟьаны Шәачатәи ахәышәтәырҭахь днагоуп

Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа иаалырҟьаны Шәачатәи ахәышәтәырҭақәа руак дҭашәе ит хәажәкыра 2 рзы. Уи инамаданы Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа инапы ианиҵеит урыстәылатәи рколлегацәа иаарласны иаҭаху амедицинатә цхыраара Аслан Бжьаниа ирҭаразы рыҽрымардарц.

Ажьырныҳәа 28, 2020 шықәса рзы Аԥсны АКХ ашәҟәы иҭанагалеит Аслан Бжьаниа ахадарахьы кандидатс дықәзыргылоз аԥшьгаратә гәыԥ.

Жәабран 17 рзы Аслан Бжьаниа кандидатк иаҳасаб ала ашәҟәы дҭагалан.

Аԥсны ахада иеиҭалхрақәа рымҩаԥгара азгәаҭоуп хәажәкыра 22 рзы. Урҭ рымҩаԥгаразы аӡбамҭа рыдыркылеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа 2019 шықәсазы имҩаԥысыз алхрақәа рылҵшәақәа рзы АКХ иҟанаҵаз алкаақәа иашамызт ҳәа анырзыԥхьанаӡаз ашьҭахь.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: