Бжьаниа идгылаҩцәа Валери Бганба инапынҵақәа шьҭеиҵарц адҵа ҟарҵоит

Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа хәажәкыра 3 рзы Аминистрцәа реилазаара ахыбра аҿаԥхьа еизеит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 3 – Sputnik. Хышәҩык инарзынаԥшуа Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа хәажәкыра 3 рзы Аминистрцәа реилазаара ахыбра аԥхьа еизеит, ҳәа ааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

Бжьаниа идгылаҩцәа Валери Бганба инапынҵақәа шьҭеиҵарц, алхрақәа ҟалаанӡа апарламенттә напхгара ҟаларц адҵа ҟарҵоит.

Акциа алахәыла Вадим Қәҭелиа иажәақәа рыла "алхраԥхьатә усураҿы ауаа рбыжьқәа аархәоит, атәыла ахада инапынҵақәа назыгӡо уи имбошәа ҟаиҵоит".

Еизаз рыбжьара иҟоуп агәаанагара Аслан Бжьаниа аҽазныкгьы ахәшә иҭан ҳәа. Уажәазы еизази Валери Бганбеи аиҿцәажәара мҩаԥыргоит.

Аслан Бжьаниа акома далҵит

Хәажәкыра 2 рзы Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа Шәачантәи Аԥсныҟа амҩа дшықәыз игәы бааԥсхан, Шәачатәи ахәышәтәырҭа дҭашәеит. Аамҭақәак рышьҭахь асанитартә авиациа авертолиот ала Бжьаниа Краснодартәи ахәышәтәырҭақәа руак ахь диагахеит.

Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа Краснодарҟа дшиарго азы аҳәамҭа ҟаиҵеит акандидат иштаб аиҳабы Александр Анқәаб.

Иахьа, хәажәкыра 3 рзы Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа акома далҵит, ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ихаҭарнак Ренат Қарчаа.

"Адинамика бзиа убартә иҟоуп. Акома ԥсабаратәны акәымкәа хәшәыркыла далагалан. Уажәы уи далгоуп. Аслан Бжьаниа иԥсҭазаара шәарҭара иҭагылам", - иҳәеит иара.

Аԥсны агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистр Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашкои Краснодартәи атәылаҿацә агәабзиарахьчара аминистр Евгени Филиппови рахь аҳәара ҟаиҵеит Аслан Бжьаниа излалшо ала ацхыраара ирҭарц азы.

Хәажәкыра 2 рзы Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа изаамҭанытәим аилатәара мҩаԥыргеит ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа игәамбзиара инадҳәаланы, ирылацәажәан акомиссиа ҷыда аԥҵареи алхрақәеи рызҵаара.

Уаанӡа Валери Бганба Ашәарҭадаратә хеилак ахаҭарнакцәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит. Апрокурор хада инапы ианҵоуп аҭагылазаашьа аҭҵаара.

Иара убасгьы адырра ыҟоуп аштабқәа рагитациатә усурақәа шаанкылахо азы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: