Апарламент изаамҭанытәим аилатәара мҩаԥысит Бжьаниа игәамбзиара инамаданы

© Sputnik / Томас ТхайцукПарламент Республики Абхазия
Парламент Республики Абхазия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 2 рзы Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа изаамҭанытәим аилатәара мҩаԥыргеит ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа игәамбзиара инадҳәаланы, ирылацәажәан акомиссиа ҷыда аԥҵареи алхрақәеи рызҵаара.

АҞӘА, хәажәкыра 2 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Хәажәкыра 2 рзы Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа изаамҭанытәим аилатәара мҩаԥыргеит Апарламент адепутат, ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа игәамбзиара инадҳәаланы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа.

Иара иҳәеит хәажәкыра 2 рзы Аслан Бжьаниа иаалырҟьаны игәабзиара бааԥсхеит ҳәа, аҳақьымцәа раԥхьатәи рдиагноз - адабла ауп.

"Авертолиот ала Краснодартәи ахәышәтәырҭақәа руак ахь днагоуп. Уажәы Аслан Гьаргь-иԥа аҳақьымцәа рнапаҿы дыҟоуп.  Асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырҵит ацәажәарақәа даҽазныкгьы ашҳам иҭан ҳәа. Ауааԥсыра ииашоу аинформациа рыҭаразы ҳаизеит", - ҳәа азгәеиҭоит Валери Кәарҷиа.

Аилацәажәараан аҭагылазаашьа ахылаԥшразы акомиссиа ҷыда аԥҵара азҵаара цәырган, аха уи зегьы ирыдрымкылеит "иахәҭаны иҟам" ҳәа азыԥхьаӡаны.

ЦИК - Sputnik Аҧсны
Аԥсны АКХ аҟны еиҭарҳәеит ахада иалхра аҿҳәара ахыгара аныҟало атәы

"Иҟалаз азхьаԥшра аҳамҭар ауам. Акомиссиа аԥҵара иадгылоу шамоу аиԥш иаҿагылоугьы ыҟоуп. Аамҭала ҳаламцәажәарц ҳаӡбеит. Адепутатцәа ирҳәеит агәабзиарахьчара аминистр есыҽны иҟоу шыҟоу азы аинформациа риҭаларц", - иҳәеит иара.

Апарламент аҿы алхрақәа ирыламцәажәеит.

"Аҭагылазаашьа аҽеиҭанакуеит, аха иахьазы ихадоу Аслан Гьаргь-иԥа игәабзиароуп. Алхрақәа рызҵаара шцәыргазгьы, дара ҳхәыцны, ҳҭышәынтәаланы ҳрызнеироуп, имариам аҭагылазаашьа еиҳагьы ԥырхага амҭакәа", - иҳәеит Кәарҷиа.

Уаанӡа Валери Бганба Ашәарҭадаратә хеилак ахаҭарнакцәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит. Апрокурор хада инапы ианҵоуп аҭагылазаашьа аҭҵаара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0