Валери Бганбеи ахадарахьы акандидатцәеи реиԥылара иацҵахоит хәажәкыра 4 рзы

Аҟәа ақалақь аҟны имҩаԥысуаз акциа ашьҭахь ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганбеи Адгәыр Арӡынбеи, Леонид Ӡаԥшьбеи, Бадра Гәынбеи аилацәажәара рыман.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 3 – Sputnik. Валери Бганбеи ахадарахьы акандидатцәеи реиԥылара иацҵахоит хәажәкыра 4 рзы, абри атәы рҳәеит реиҿцәажәарақәа ашьҭахь.

"Акандидатцәа зегьы ақәшаҳаҭуп аус азакәаншьаҭа аманы иҟазар шакәу. Ҳара ԥхьаҟагьы акандидатцәеи урҭ рыштабқәеи ҳрыҿцәажәалоит. Уаҵәы аштабқәа рхадацәа сырԥылараны сыҟоуп", - иҳәеит Бганба.

Апарламент изаамҭанытәим аилатәара мҩаԥысит Бжьаниа игәамбзиара инамаданы

Бганба иазгәеиҭеит, Аслан Бжьаниа иҭагылазаашьа акыр ишеиӷьу, агәыӷрагьы ааирԥшит алхрақәа дрылахәхап ҳәа.

"Ҳара иалшо зегь ҟаҳҵоит иахьа иҟалаз аҩыза ҟамларцаз. Зегь еилыскаауеит, аха шәцәаныррақәа хылаԥшра рыҭалатәуп", - иҳәеит иара.

Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа Шәачантәи Аԥсныҟа амҩа дшықәыз игәы бааԥсхан, Шәачатәи ахәышәтәырҭа дҭашәеит. Аамҭақәак рышьҭахь асанитартә авиациа авертолиот ала Бжьаниа Краснодартәи ахәышәтәырҭақәа руак ахь диагахеит.

Ахадарахьы акандидатцәа рыштабқәа рыхԥагьы аҳәамҭа ҟарҵеит алхраԥхьатә агитациа шааныркыло азы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: