Авирус иаҿагылоу ахәшәқәеи асабрадақәеи Урыстәыла ралгара азин ааныркылеит

Аԥкыра иаҵанакуам аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа ирзыҟарҵо гуманитартә цхыраарак аҳасаб ала иргои ахатәхархәараз иргои амедицинатә аалыҵ.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 4 - Sputnik. Урыстәыла аиҳабыра авирус иаҿагылоу ахәшәқәа, амедицинатә сабрадақәа атәыла ралгара азин ааныркылеит. Абри атәы аҳәоит Аминистрцәа реилазаара асаит.

Авирус иазку азҵаарақәа рзы иаԥҵахоит иҷыдоу аҭелтә еимадара

Ауснагӡатә мҩаԥгоуп Урыстәыла атәылауаа ринтересқәа рыхьчара иазырханы. Аԥкыра аус ауеит 2020 шықәса рашәара 1 аҟынӡа. Ақәҵара амчра аиуеит ианыркьыԥхь амш инаркны.

Атәыла залгара ҟамло аалыҵ ахь иаҵанакуеит: асабрадақәа, абинтқәа, абамба, акасыш, абахилқәа, ахимиатә хьчараз зныктәи ацәашәҵатәы, ареспираторқәа, авирус иаҿагыло ахәшәқәа уҳәа убас иҵегьы.

Уаанӡа Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистррахь аҳәара ҟанаҵахьан ареспубликаҿ акоронавирус алаҵәара аԥырҟәҟәааразы ацхыраара анаҭарц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: