Авирус иазку азҵаарақәа рзы иаԥҵахоит иҷыдоу аҭелтә еимадара

© Фото : Jim ReardanАвирус иазку азҵаарақәа рзы иаԥҵахоит иҷыдоу аҭел аномер
Авирус иазку азҵаарақәа рзы иаԥҵахоит иҷыдоу аҭел аномер - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа инарықәыршәаны, Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус зыхьыз ҳәа аӡәгьы дшьақәыргылам.

АҞӘА, хәажәкыра 4 – Sputnik. Аԥсны уахи-ҽни аусура мҩаԥнагалоит "горячая линия" захьӡу аҭелтә еимадара, акоронавирустә инфекциа азҵаарақәа ирызкны.

Валерий Бганба провёл совещание о мерах по предупреждению распространения коронавируса на территории Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аԥсны коронавирус ашьақәыргыларазы атест-системақәа аиуеит

"Дарбанзаалак изҭаху ианиҭаху аҭел дасыр ҟалоит абарҭ аномерқәа рыла: 7 840 226 44 52; +7 840 226 49 55 - акоронавирус иазку азҵаарақәа рҭак иоурц", - аҳәоит аминистерра апресс-маҵзура адырраҭараҿ.

Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа аҳәамҭа ҟаиҵахьан ареспубликаҿ акоронавирус аӡәгьы идбалам ҳәа.

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра акоронавирус иаҿагыланы ақәԥаразы жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара (ВОЗ), Еиду амилаҭқәа реиҿкаара, Евроеидгыла рахь ацхыраара иаҳәеит.

Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрреи Роспотребнадзори Аԥсны аҳәаа иахьаԥну асанитар-карантинтә ҭыԥқәа рырӷәӷәара иацхраауеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рзы аминистрра апресс-маҵзура.

"Хара имгакәа Аԥсныҟа иааргараны иҟоуп амобилтә санитар-епидемиатә бригадақәа атехника ҷыда рыманы. Иара убасгьы – Урыстәыла агәабзиарахьчара аепидемиологцәеи аинфекционистцәеи рыбригада. Иара убасгьы ацхыраара ҟаҵахоит ахәшәқәа, аныхратә материалқәа, адиагностикатә тест-системақәа рыла", - азгәарҭеит аминистрраҿы.

Урыстәылеи Аԥсни рҳәааҿы иаԥҵахоит асанитар-карантинтә ҭыԥ. Егры аҳәаала аус зуа аҳақьымцәа рыбригада аусурагьы рыӷәӷәахоит.

Ареспубликаҿы иаԥҵахоит авирус здырбалаз рзы акарантин ахьеиҿкаахо амедицинатә усҳәарҭақәа. Уи адагьы аамҭалатәи авирустә инфекциа зыхьуа рзгьы иаԥҵахоит акарантин, урҭ рҭаара ԥкхоит рҳәеит аминистрраҿы.

Аԥсны иара убас иаԥҵоуп аусбарҭабжьаратә штаб акоронавирус аҿиара аԥырҟәҟәааразы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0