Акоронавирус зламҽуа ауаа ркатегориақәа алкаауп

© AFP 2023 / STRАкоронавирус зламҽуа ауаа ркатегориақәа алкаауп
Акоронавирус зламҽуа ауаа ркатегориақәа алкаауп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акоронавирус Китаи ирымоуп ҳәа ишьақәыргылоуп 80270-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 2871-ҩык, адунеи зегь аҿы 93129-ҩык COVID-19 рымоуп, зынӡа иҭахахьеит – 3198-ҩык. 50681-ҩык ргәабзиара шьақәгылеит.

АҞӘА, хәажәкыра 4 - Sputnik. Ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи шамахамзар акоронавирус рԥырхагам ҳәа аанацҳауеит КЖәР ачымазара азыԥхьагәаҭареи ахылаԥшреи рзы Ацентр аҵарауаа. Абри атәы аҩуеит "Известия".

Китаитәи аҵарауаа рстатистика ҵаҵӷәыс иамоуп COVID-19 змаз 70000-ҩык рыҭҵаара.

Аҭҵаара инақәыршәаны ичмазаҩхахьоу рҟынтәи ахәыҷқәа 1% ауп ишьақәдыргыло:

• Ҿыц ииз инадыркны 10 шықәсанӡа - 1%,

• 10 шықәса инаркны 19 шықәсанӡа - 1%.

Зықәра неихьоу авирус ахьрылаҽуа урҭ риммунитет алаҟәра иадырҳәалоит.

Аԥсны жәабран 4 инаркны акоронавирус аҿиара иахырҟьаны Таџьикисҭан, Узбекисҭан, Кореиа, Китаи, Киргизиа ртәылауаа ареспублика аҵакырахь ралалара ԥнакит.

Авирус иазку азҵаарақәа рзы иаԥҵахоит иҷыдоу аҭел аномер - Sputnik Аҧсны
Авирус иазку азҵаарақәа рзы иаԥҵахоит иҷыдоу аҭелтә еимадара

Урыстәылеи Аԥсни рҳәааҿы иаԥҵахоит асанитар-карантинтә ҭыԥ. Егры аҳәаала аус зуа аҳақьымцәа рыбригада аусурагьы рыӷәӷәахоит.

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра акоронавирус иаҿагыланы ақәԥаразы жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара, Еиду амилаҭқәа реиҿкаара, Евроеидгыла рахь ацхыраара иаҳәеит.

Ареспубликаҿы иаԥҵахоит авирус здырбалаз рзы акарантин ахьеиҿкаахо амедицинатә усҳәарҭақәа. Уи адагьы аамҭалатәи авирустә инфекциа зыхьуа рзгьы иаԥҵахоит акарантин, урҭ рҭаара ԥкхоит рҳәеит аминистрраҿы.

Аԥсны иаԥҵоуп аусбарҭабжьаратә штаб акоронавирус аҿиара аԥырҟәҟәааразы.

Хәажәкыра 3 инаркны иааиԥмырҟьаӡакәа аус аулоит аҭелтә цәаҳәа "горячая линия" абарҭ аномерқәа рыла: +7 840 226 44 52, +7 840 226 49 55. Дарбанзаалак азҵаара зызцәырҵуа арахь аҭел дасыр ауеит.

Авирус цәырҵит апровинциа Хубеи ақалақь Ухань аҟны ԥхынҷкәын анҵәамҭазы. Иара зырҿио акоронавирус хкҿыц 2019-nCoV ауп. Китаи анҭыҵ авирус азгәаҭоуп: Гонконг, Макао, Таивань, Таиланд, Иапониа, Аладатәи Кореиа, ЕАА, Канада, Вьетнам, Сингапур, Непал, Франциа, Австралиа, Малаизиа, Германиа, Финлиандиа.

Аҭагылазаашьа зегь раасҭа иуадаҩуп Китаи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0