Аслан Бжьаниа иҭагылазаашьа атәы иштаб аҿы иалацәажәеит

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра адыррала хәажәкыра 4 рзы Краснодартәи актәи аклиникатә хәышәтәырҭаҟынтәи иааит Бжьаниа идиагноз - ҩ-ганктәи аполисегментартә гәыҵәкра.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 5 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа игәабзиаратә ҭагылазаашьа аиӷьхара иаҿуп. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Аслан Бжьаниа иштаб аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Леонид Лакербаиа.

"Уажәшьҭа иуҳәартә иҟоуп – Аслан Гьаргь-иԥа игәабзиара аиӷьхара иаҿуп ҳәа", - иҳәеит иара.

Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа Шәачантәи Аԥсныҟа амҩа дшықәыз игәы бааԥсхан, Шәачатәи ахәышәтәырҭа дҭашәеит. Уи амедикаментозтә кома даларгалеит. Аамҭақәак рышьҭахь асанитартә авиациа авертолиот ала Бжьаниа Краснодартәи ахәышәтәырҭақәа руак ахь диагахеит.

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра адырра ҟанаҵеит хәажәкыра 4 рзы Краснодартәи актәи аклиникатә хәышәтәырҭаҟынтәи иааит Бжьаниа идиагноз - ҩ-ганктәи аполисегментартә гәыҵәкра ҳәа.

Аслан Бжьаниа акома далҵит

Аԥсны ахадарахьы акандидатцәа Адгәыр Арӡынбеи Аслан Бжьаниеи Краснодар еиԥылеит хәажәкыра 5 рзы ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Аслан Бжьаниа иштаб аиҳабы Александр Анқәаб.

Аԥсны ахадарахьы акандидат Леонид Ӡаԥшьба Аԥсуа телехәаԥшрала дықәгылеит хәажәкыра 4 рзы.

Леонид Ӡаԥшьба Аԥсуа телехәаԥшрала дықәгыло ажәадгала ҟаиҵеит алхрақәа рыҿҳәара аҽа мызкы инахазарц, Аслан Бжьаниа игәамбзиара инадҳәаланы.

Ӡаԥшьба ари аҳәара рызирхеит Аԥсны АКХ, Апарламент адепутатцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: