Шамба: Аслан Бжьаниа алхрақәа рҟынӡа ишьапы дықәгылоит

© Sputnik / Томас ТхайцукСергей Шамба
Сергей Шамба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа Шәачантәи Аԥсныҟа амҩа дшықәыз игәы бааԥсхан, Шәачатәи ахәышәтәырҭа дҭашәеит. Аамҭақәак рышьҭахь асанитартә авиациа авертолиот ала Бжьаниа Краснодартәи ахәышәтәырҭақәа руак ахь диагахеит.

АҞӘА, хәажәкыра 4 – Sputnik. Аслан Бжьаниа алхрақәа рҟынӡа игәы бзиаханы дҳавагылараны дыҟоуп иҳәеит Sputnik аинтервиу аҭо апартиа "Иаку Аԥсны" ахантәаҩы Сергеи Шамба. Убри аан иара иажәақәа ҵаҵӷәыс ириҭеит Краснодартәи атәылаҿацә агәабзиарахьчара аминистрра анапхгареи Аслан Бжьаниа дахьышьҭоу ахәышәтәырҭеи рҟынтәи адыррақәа.

"Иахьынӡаздыруа ала, аҳақьымцәа Аслан Бжьаниа лассы ишьапы дықәгылоит ҳәа ирыԥхьаӡоит. Шәарҭара дук ыҟамкәа иршьоит", - иҳәоит Шамба.

Хәажәкыра 2 рзы Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа Шәачантәи Аԥсныҟа амҩа дшықәыз игәы бааԥсхан, Шәачатәи ахәышәтәырҭа дҭашәеит. Уи амедикаментозтә кома даларгалеит. Аамҭақәак рышьҭахь асанитартә авиациа авертолиот ала Бжьаниа Краснодартәи ахәышәтәырҭақәа руак ахь диагахеит.

Первая краевая Краснодара - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа иофициалтә диагноз шьақәыргылоуп

Хәажәкыра 3 рзы Аԥсны ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа акома далҵит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ихаҭарнак Ренат Қарчаа.

Аслан Бжьаниа иштаб аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Леонид Лакербаиа аҳәамҭа ҟаиҵеит ркандидат алхрақәа дрылахәымхозар, аштаб азҵаара ықәнаргылоит абжьыҭира арыцхә анахаразы ҳәа.

Хәажәкыра 3 рзы хәышәҩык инарзынаԥшуа Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа Аминистрцәа реилазаара ахыбрахь инеит Валери Бганба инапынҵақәа шьҭеиҵарц, алхрақәа ҟалаанӡа апарламенттә напхгара ҟаларц адҵа ҟаҵо. Аамҭақәак рышьҭахь министрцәақәак, араионқәа рхадацәа, АКХ ахантәаҩы, "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы рнапынҵақәа шьҭарҵарц адҵа ҟарҵеит.

Валери Бганбеи ахада Иусбарҭа анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡои еизаз рхаҭарнакцәа ирыҿцәажәеит. Иара убасгьы аилацәажәара рыман Валери Бганбеи, Бадра Гәынбеи, Леонид Ӡаԥшьбеи, Адгәыр Арӡынбеи.

Хәажәкыра 4 рзы Краснодартәи актәи аклиникатә хәышәтәырҭаҟынтәи иааит Бжьаниа идиагноз - ҩ-ганктәи аполисегментартә гәыҵәкра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0