Арратә експерт Идлиб аҭагылазаашьазы: акырӡа иуадаҩуп

Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рхадацәа Шьамтәыла аибашьра аанкыларазы еицәажәеит. Апроблемақәа шыҟоугьы аӡбра ду рыдыркылеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит арратә експерт Алексеи Подберезкин.
Sputnik

Урыстәыла ахада Владимир Путини Ҭырқәтәыла ахада Таип Ердогани хәажәкыра 5 рзы Кремль реиԥылараан иахьазы Идлиб иҟоу аинырратә цәаҳәаҿы хәажәкыра 6 аҵх агәы инаркны ахымца аанкылара мҩаԥгахарц еиқәшаҳаҭхеит.

Путини Ердогани Идлиб иҟоу аибарххара аанкылахарц еиқәшаҳаҭхеит

Аилацәажәара иалҵшәахеит Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи амҩаду М4 аҟны зыҭбаара ф-километрак иҟоу ашәарҭадаратә коридор еицаԥырҵарци Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи хәажәкыра 15 инаркны амҩаду М4 еицахылаԥшларци реиқәшаҳаҭхара.

Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи ирҳәеит уаанӡатәи аиқәшаҳаҭрақәа – 2017 шықәсазы адеискалациатә зонақәа раԥҵарази 2018 шықәсазтәи шәачатәи амеморандуми ишрықәныҟәало аринахысгьы.

Москвеи Анкареи иара убасгьы иазгәарҭеит атерроризм ахкқәа зегьы еилыхрады ирҿагыланы ишықәԥало. Аганқәа ақәшаҳаҭхеит Шьамтәыла аимак еибашьрыла аӡбара шалымшо.

МГИМО арра-политикатә зҵаарақәа Рцентр адиректор, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Алексеи Подберезкин арадио Sputnik аефир аҿы иазгәеиҭеит атәылақәа рыҩба рхадацәа зызкылсыз аиқәшаҳаҭрақәа хра рыманы ишыҟоу.

"Путини Ердогани акахьы реизнеира апринципиалтә ҟазшьа амоуп. Иззеиқәшаҳаҭхаз атехникатә нагӡара акәзар, уи иуадаҩу акоуп. Путини Ердогани аимак иалахәу зегь рыхьӡала аҭакԥхықәра рхахьы иргеит. Ари ашәарҭара аҵоуп. Идлибтәи аимак иалахәу зегьы дара ирышьҭрақәлоит ҳәа аҳәара уадаҩуп. Аха убри аар наҟ-ааҟгьы рыруаа аҭагылазаашьа еицахылаԥшуеит ҳәа ахьыршьаз аҵак ду аманы иҟоуп. Ари иунарбоит аицәажәара еснагь аҭыԥ амазар шауа. Путини Ердогани иаадырԥшит аполитикатә маругақәа ахархәара рыҭара еснагь ишалшо ", ‒ иҳәеит Алексеи Подберезкин.

Шьамтәылатәи апровинциа Идлиб жәабран 27 рзы аҭагылазаашьа уадаҩхеит ари аҵакыраҿы иҟаз атеррористцәа Шьамтәыла аиҳабыратә мчрақәа ианрыжәла ашьҭахь. Шьамтәыла аиҳабыратә мчрақәа хымцала аҭак ҟарҵеит. Абри аан иҭахеит аҭырқәа аруаа 36-ҩык.

Абри аҭакс Анкара арратә операциа "Весенний щит" ҳалагоит ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит.

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров уаанӡа аҳәамҭа ҟаиҵеит Ҭырқәтәыла ахыдҵақәа азынамыгӡеит Идлиб акәша-мыкәша аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы ҳәа. Хаҭала иара иалымшеит Шьамтәыла аиҳабыра рыҿцәажәара иазыхиоу аоппозициааи атеррористцәеи реилкра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: