Лавров: Америкаа Шьамтәыла ахәҭак ацырҟьара рҭахуп

© Sputnik / Сергей Мамонтов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иазгәеиҭеит Еиду аштатқәа рыдгылаҩцәа азин шрырымҭо Шьамтәыла аиҭашьақәыргыларазы аинвестициақәа рыҟаҵара.

ПАРИЖ, абҵара 12— РИА Новости. Вашингтон аҽазышәара мҩаԥнагоит Евфрат аӡиас Мрагыларатәи ахәҭа аҵакырақәа ампыҵанахаларц, иалшо зегь ҟанаҵоит абри аҭыԥ аҿы аквазиҳәынҭқарра еиҿкаахарц азы, иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров аҭынчраз аҩбатәи Парижтәи афорум аҿы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров - Sputnik Аҧсны
Лавров: Урыстәыла Еиду аштатқәа рыҿцәажәара еснагь иазыхиоуп

"Аштатқәа амшынбжьаха атәылақәа рахь аҳәара ҟарҵоит шьамтәылатәи адемократиатә мчрақәеи акурдцәеи рыцхыраарала аҭыԥантәи администрациақәа раԥҵаразы. Ихықәкны ирымоугьы Шьамтәыла ахәҭак ацырҟьаны уа иҟоу анефҭҵхырҭақәа рнапахьы раагароуп", - иҳәеит иара.

Лавров иара убасгьы иазгәеиҭеит Еиду аштатқәа рыдгылаҩцәа азин шрырымҭо Шьамтәыла аиҭашьақәыргыларазы аинвестициақәа рыҟаҵара.

"Шьамтәыла аиҳабыреи ҳареи зегь ааԥхьара рыҭо иаҳҭахуп аинфраструктура аиҭашьақәыргылараз аҭагылазаашьа бзиақәа раԥҵара, ахҵәацәа рырхынҳәра алыршара, атәыла аҭынч ԥсҭазаара азырхынҳәра", - иҳәеит аминистр.

Лавров уаанӡагьы иҳәахьан ЕАА Шьамтәыла анефҭҵхырҭақәа анапахьы раагараз рҽазышәара азакәан шьаҭа амам ҳәа.

Шьамтәыла аҭагылазаашьа

Ҭырқәтәыла ахада Реџьеб Таиип Ердоган - Sputnik Аҧсны
Ердоган: арратә операциа Шьамтәыла акзаара еиқәнархоит

Шьамтәылатәи аимак аа-шықәса ирықәуп. Аҭагылазаашьа еибарххеит жьҭаарамзазы, Ҭырқәтәыла аоперациа "Источник мира" анхацнарк. Аоперациа акурдцәа ротриадқәа роуп иззырхаз. Вашингтон мап ацәнакит Анкара имҩаԥнаго аоперациа адгылара, аҳәамҭагьы ҟанаҵеит ар шалнаго азы.

Аха абри ашьҭахь Дональд Трамп аҳәамҭа ҟаиҵеит ар рыбжак аанхоит атеррористцәа рҟынтәи "анефҭ ахьчаразы" ҳәа. Иара иажәақәа рыла, акурдцәа ари арегион ахь риасра аамҭа ааит, избанзар "аԥара рҭахуп".

Пентагон ахаҭарнак Рет Хоффман иажәақәа рыла, шьамтәылатәи анефҭ аҟынтәи афеида зауа америкаа ракәӡам, акурдцәа роуп.

Америкеи Анкареи реиқәшаҳаҭрала

Америкеи Анкареи реиқәшаҳаҭрала Шьамтәыла мрагыларатәи ахәҭаҿы абџьармца аанкылоуп. Абри аамҭазы акурд еиҿкаарақәа рыр 30 километра инаӡоу абуфертә зона аҟынтәи ралгара рылшоит.

Путини Ердогани ҭелла еицәажәеит - Sputnik Аҧсны
Путини Ердогани ҭелла еицәажәеит

Жьҭаара 22 рзы Владимир Путини Реџьеп Таип Ердогани ф-сааҭк ицоз аиҿцәажәара мҩаԥыргеит. Уи иалҵшәахеит жәа-пунктк иҟоу аилибакаараз амеморандум.

Адокумент иазыԥхьагәанаҭоит шьамтәылатәи ар Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи рҳәаахь анагара, аоперациа "Источник мира" азона анҭыҵҟа, иара убасгьы урыстәылатәи арратә полициеи шьамтәылатәи аҳәаахьчаҩцәеи уахь рынашьҭра. Дара ацхыраара руроуп акурд отриадқәа аоперациа азонаҟынтә ралгараан. Иара убасгьы аҟарул-ҷаԥшьаратә усқәа мҩаԥыргароуп.

Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу абри ашьҭахь аҳәамҭа ҟаиҵеит акурдцәа ашәарҭадаратә зона заанаҵы иалгахеит ҳәа. Ирылагеит аԥшыхәратә ҳаиртә хыԥраарақәа, аминаҵхрақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0