00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
13:59
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
14:57
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
18:28
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
21:28
2 мин
Новости
21:31
3 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
13:45
15 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Главный четверг
14:04
24 мин
14:28
2 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
Экология Черного моря
14:43
3 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аҟәатәи ашколхәыҷқәа рҭаацәа рзы аҟазаратә класс мҩаԥган
18:16
3 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аԥсны ашколқәа ҳамҭас ироуит арҵагатә маҭәахәқәа
18:19
11 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Гражданин и начальник
Работа КПП в Сухумском аэропорту и нелегалы из Грузии
18:49
18 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Путини Ердогани Идлиб иҟоу аибарххара аанкылахарц еиқәшаҳаҭхеит

© Михаил Климентьев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәыла ахада Владимир Путини Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердогани
Урыстәыла ахада Владимир Путини Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердогани - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиԥылара аихшьаалақәа рыла атәылақәа рыдәныҟаполитикатә усҳәарҭақәа рхадацәа аицеиқәшаҳаҭра зҭаз адокумент рыладырҵәеит.

МОСКВА, хәажәкыра 6 - РИА Новости. Ф-сааҭк инарзынаԥшу имҩаԥысуаз аилацәажәарақәа рышьҭахь Урыстәыла ахада Владимир Путини Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердогани шьамтәылатәи апровинциа Идлиб иҟоу аибарххара аанкылахарц еиқәшаҳаҭхеит.

Аиԥылара аихшьаалақәа рыла атәылақәа рыдәныҟаполитикатә усҳәарҭақәа рхадацәа аицеиқәшаҳаҭра зҭаз адокумент рыладырҵәеит. Адокумент аҿы иарбоуп абарҭ апунктқәа:

  • Иҟоу аинырратә цәаҳәаҿы хәажәкыра 6 аҵх агәы инаркны ахымца аанкылара.
  • Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи еицаԥырҵоит амҩаду М4 аҟны зыҭбаара ф-километрак иҟоу ашәарҭадаратә коридор.
  • Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи хәажәкыра 15 инаркны амҩаду М4 еицахылаԥшлоит.

Владимир Путин агәыӷра ааирԥшит арҭ аиқәшаҳаҭрақәа шьамтәылатәи Идлиб аҿы аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара ҵаҵӷәыс иаиуп ҳәа.

Сирийская армия в провинции Идлиб - Sputnik Аҧсны
Идлиб ажәҩан аҿы шьамтәылатәи аҳаирыпланқәа карыжьит

Аганқәа еиқәшаҳаҭхеит Шьамтәылаз астанатәи аформат инақәыршәаны ԥхьаҟагьы русура мҩаԥыргаларц.

Урыстәыла ахада Владимир Путини Ҭырқәтәыла ахада Таипа Ердогани хәажәкыра 5 рзы Кремль реиԥылараан иахьазы Идлиб иҟоу аинырратә цәаҳәаҿы хәажәкыра 6 аҵх агәы инаркны ахымца аанкылара мҩаԥгахарц еиқәшаҳаҭхеит.

Аилацәажәара иалҵшәахеит Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи амҩаду М4 аҟны зыҭбаара ф-километрак иҟоу ашәарҭадаратә коридор еицаԥырҵарци Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи хәажәкыра 15 инаркны амҩаду М4 еицахылаԥшларци реиқәшаҳаҭхара.

Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи ирҳәеит уаанӡатәи аиқәшаҳаҭрақәа – 2017 шықәсазы адеискалациатә зонақәа раԥҵарази 2018 шықәсазтәи шәачатәи амеморандуми ишрықәныҟәало аринахысгьы.

Москвеи Анкареи иара убасгьы иазгәарҭеит атерроризм ахкқәа зегьы еилыхрады ирҿагыланы ишықәԥало. Аганқәа ақәшаҳаҭхеит Шьамтәыла аимак еибашьрыла аӡбара шалымшо.

Сирия. Идлиб - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра: Идлиб аҭагылазаашьа аҽарххеит

Аизыҟазаашьақәа

Урыстәыла ахада ҭырқәтәылатәи иколлега иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Москваҟа аара дахьақәшаҳаҭхази реизыҟазаашьа бзиақәа аҽазнык иахьышьақәирӷәӷәази.

Путин иара убасгьы иазгәеиҭеит Москва еснагь Шьамтәыла аҭагылазаашьазы Анкара агәаанагара ишақәшаҳаҭымгьы атәылақәа еснагь аамҭа уадаҩқәа раан аинырра шрылшо.

Уи адагьы Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит атерроризм азҵаараҿы рԥсыҽрак шаарԥштәым. Иара убасгьы иҳәеит Шьамтәылаз астанатәи аформат инақәыршәаны ԥхьаҟагьы русура мҩаԥыргаларц.

Аҭак азы азин

Аицәажәара ашьҭахь Ердоган иҳәеит Шьамтәыла аиҳабыратә ар рхымҩаԥгашьа иахәҭоу аҭак аҭара азин ихахьы ишиго.

Уи азы Ҭырқәтәыла Идлибҟа амчрацҵа аланагалеит.

Шьамтәыла иҟоу аҭырқәа архәҭақәа - Sputnik Аҧсны
Ҭырқәтәыла алаҳәара ҟанаҵеит Идлиб арратә операциа ишазыхиоу азы

Ердоган иара убасгьы иҳәеит Анкара уалԥшьаны ахы ишаднаҵо "шьамтәылатәи ахҵәацәа рыԥсадгьыл ахь рыхынҳәра азҵаараҿы" адгылара рыҭара.

Идлиб аҭагылазаашьа

Шьамтәылатәи апровинциа Идлиб жәабран 27 рзы аҽеибанарххеит, ари аҵакыраҿы иҟаз атеррористцәа Шьамтәыла аиҳабыратә мчрақәа ианрыжәла ашьҭахь.

Шьамтәыла аиҳабыратә мчрақәа хымцала аҭак ҟарҵеит.

Абри аан иҭахеит аҭырқәа аруаа 36-ҩык.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0