Идлиб амцаԥшь аанкылара арежим амчра аиуит

Урыстәыла ахада Владимир Путини Ҭырқәтәыла ахада Таипа Ердогани хәажәкыра 5 рзы Кремль иалацәажәон Идлиб акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 6 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путини Ҭырқәтәыла ахада Таипа Ердогани хәажәкыра 5 рзы Кремль реиԥылараан иахьазы Идлиб иҟоу аинырратә цәаҳәаҿы хәажәкыра 6 аҵх агәы инаркны ахымца аанкылара мҩаԥгахарц еиқәшаҳаҭхеит.

Путини Ердогани Идлиб иҟоу аибарххара аанкылахарц еиқәшаҳаҭхеит

Аилацәажәара иалҵшәахеит Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи амҩаду М4 аҟны зыҭбаара ф-километрак иҟоу ашәарҭадаратә коридор еицаԥырҵарци Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи хәажәкыра 15 инаркны амҩаду М4 еицахылаԥшларци реиқәшаҳаҭхара.

Иара убасгьы аганқәа еиқәшаҳаҭхеит Шьамтәылаз астанатәи аформат инақәыршәаны ԥхьаҟагьы русура мҩаԥыргаларц.

"Иалшоны иҟоу зегь ҟаҵахоит Идлиб аибашьра аанкыланы агуманитартә кризис аҭыԥ ақәҵаразы", - иҳәеит аҳәынҭдепартамент ахаҭарнак РИА Новости аинтервиу аҭо.

Владимир Путин агәыӷра ааирԥшит арҭ аиқәшаҳаҭрақәа шьамтәылатәи Идлиб аҿы аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара ҵаҵӷәыс иаиуп ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: