Қәҭарба: аҭаацәараҿы аԥҳәыс лоуп аиҳабы, аха ауаа рҿы ахаҵа истатус ҳаракны ибатәуп
© Sputnik
"Аҭаацәа дара-дара рхала ианыҟоу, аҩнаҭаҿы аԥҳәыс лоуп аиҳабы, ахаҵа иакәӡам, аиашазы, аԥҳәыс илҳәо ауп иҟало. Асас даныҟоу, ахаҵа ҳаҭыр иқәҵатәуп, ахаҵа ус иҳәоит "ани ааги, ари ҟаҵатәуп!" ҳәа. Насгьы, адәахьы иандәылҵуа аԥҳәыс лхаҵа дицуп, лхы ҳаҭыр ақәҵаны, мыцхәы акгьы мҳәаӡакәа. Са сҭаацәараҿы ус иҟан, аҩн усқәа ахаҵа далацәажәаӡомызт, аҩны ак ҟаҵатәызар, ҳан лакәын изҳәоз. Ижәымдыруеи, маҷк агызмалрақәа шҳамоу аԥсуаа, уи аҟнытә аӡәы даныҟоу, ахаҵа истатус ҳаракны ирбатәын, уи ҽырбагас иҟоуп. Ҳанацәа, ҳаҳәшьцәа, урҭ еснагь ҳаҭыр рықәҵатәуп. Ииашаны, аԥсуа ԥҳәыс ҳдиаспора аҟны ҳаҭыр ду лықәуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Қәҭарба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аҭрышԥҳа: аԥсуа ԥҳәыс адунеи аҿы зегь реиҳа иӷәӷәоу ԥҳәысуп
- Анқәабԥҳа: аԥсуа ԥҳәыс зегьы дрыхьӡон