Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Қәҭарба: аҭаацәараҿы аԥҳәыс лоуп аиҳабы, аха ауаа рҿы ахаҵа истатус ҳаракны ибатәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукХайри Кутарба
Хайри Кутарба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәҟәыҩҩы Ҳаири Қәҭарба, аҳәса Жәларбжьаратәи рымшныҳәа аҽны арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит Ҭырқәтәыла, аԥсуаа рыҳәса пату шрықәырҵо, аҩн усқәа рнапы ишану.
Хра злоу ахҭысқәа: Қәҭәарба аԥсуа ԥҳәыс лхаҿсахьа иазкны

"Аҭаацәа дара-дара рхала ианыҟоу, аҩнаҭаҿы аԥҳәыс лоуп аиҳабы, ахаҵа иакәӡам, аиашазы, аԥҳәыс илҳәо ауп иҟало. Асас даныҟоу, ахаҵа ҳаҭыр иқәҵатәуп, ахаҵа ус иҳәоит "ани ааги, ари ҟаҵатәуп!" ҳәа. Насгьы, адәахьы иандәылҵуа аԥҳәыс лхаҵа дицуп, лхы ҳаҭыр ақәҵаны, мыцхәы акгьы мҳәаӡакәа. Са сҭаацәараҿы ус иҟан, аҩн усқәа ахаҵа далацәажәаӡомызт, аҩны ак ҟаҵатәызар, ҳан лакәын изҳәоз. Ижәымдыруеи, маҷк агызмалрақәа шҳамоу аԥсуаа, уи аҟнытә аӡәы даныҟоу, ахаҵа истатус ҳаракны ирбатәын, уи ҽырбагас иҟоуп. Ҳанацәа, ҳаҳәшьцәа, урҭ еснагь ҳаҭыр рықәҵатәуп. Ииашаны, аԥсуа ԥҳәыс ҳдиаспора аҟны ҳаҭыр ду лықәуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Қәҭарба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0