Анқәабԥҳа: аԥсуа ԥҳәыс зегьы дрыхьӡон

© Foto / Сырма Ашәԥҳа.Миаси Анқәабԥҳа
Миаси Анқәабԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зықәрахь инеихьо аԥхәыс бырг, Миаси Анқәабԥҳа акыр шықәса раԥхьа Ҭырқәтәылантәи лҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара дааит, ҳаиҿцәажәараҟны лара дазааҭгылоит аԥсуа ԥҳәыс илыду аҭакԥхықәра атәы.

Ирҳәоит, аԥҳәыс аԥсҭазаара дахыҵхырҭоуп ҳәа. Аԥҳәыс дыԥшӡазар, пату лықәзар, дҳаракызар, агәаӷьреи ачҳареи лылазар, илылшо рацәоуп ҳәа. Иара убас, ахаҵа дыӷәӷәазар, агәымшәара илазар, аԥсадгьыл хьчаҩызар, уи аус аҟынгьы аԥҳәыс илыбзоуроу рацәоуп. Арҭ аҩмчык анеидгыла, ианхеибарҭәаа, ҳәарада, ҳажәлар рыԥсҭазаара арҿиоит. Аҳәынҭқарреи, аҭаацәарақәеи шьақәнарӷәӷәоит. Иара убас, еиҵагыло абиԥарақәа еиҵаанаӡоит.

Сырма Ашәԥҳа

— Ҳаҭыр зқәу Миаси, иаҳҳәарц ҳалшоит шәара шәҭаацәаратә ԥсҭазаара ҩ-хәҭакны ишоуп ҳәа. Избанзар, иҟоуп Ҭырқәтәыла иаанхаз шәҭаацәа рыбжаҩык, иҟоуп, иахьа, Аԥсны инхогьы. Убарҭ аамҭақәа шәрызхьаԥшуа, ишәгәалашәыршәарц сҭахыуп даҽазныкгьы, шәыԥсадгьыл ахь иаагаз амҩа шәанылартә еиԥш агәаӷьра шәылзыршаз.

— Аԥсны — ҳара ҳаԥсадгьыл ауп, ҳаԥсҭазаароуп. Ҳашьаҭа адацқәа ара иаларсоуп. Ииашаны, арахь ҳаара иацыз ауадаҩрақәа рацәан. Сыӡӷаб уа дынхеит, сыҷкәын дсыманы сааит. Уажәшьҭа ҩажәа шықәса инареиҳауп ара сынхоижьҭеи. Сҭаацәа рыбжаҩык Ҭырқәтәыла иҟоуп, сахьааз, акала сахьхәны сыҟаӡам.

Ҭарԥҳа Есма: уус бзиа ибаны уаназнеи, алҵшәа маиурц залшом

— Ан, еснагь илҭахыуп лыхшара лара лааигәа ианыҟоу, лылаԥш анырху. Шәара ишазгәашәҭаз еиԥш, Аԥсныҟа шәааит аиҭанаиааирақәа уиаҟара ианыманшәаламыз аамҭазы. Аха, уи шәылшәыршеит, ишԥашәаҳауаз Аԥсны аӡбахә?

— Лакәҵас акәын ишҳаҳауаз аӡбахә. Аамҭа рацәаны имҩасит ахҵәара ҳақәшәеижьҭеи. Аҭоурых нарҵауланы иҳаздыруам. Сара сабдуцәа, Џьырхәа инхон ҳәа ауп ирҳәауа. Аԥсадгьыл ԥсадгьылуп, сыԥсы алоуп. Аибашьра иалҵит, аамҭа цәгьан, анхара уадаҩын. Сара убри аамҭазоуп санааз. Агәаҟрақәа зегьы риааира сылшеит, сашьцылеит. Аԥсадгьыл агьама даҽакы еиԥшума?! Уи иара уатәнатәуеит. Сыԥсынҵры ара иҟазар сҭахыуп, абра сыԥсыр сҭахыуп. Сыҷкәын иҟынтә ҩыџьа амоҭацәа сымоуп, сгәы рыладууп.

— Аԥсуа ԥхәыс аԥсуа ҭаацәараҿы лхы шԥамҩаԥылгар акәу? Аԥҳәысрагьы, анрагьы, амаҵзурагьы лзеилагӡома?

Аԥсуа ԥхәыс даара илылшо рацәоуп. Ақьабз ныҟәылгоит, аҭацара ныҟәылгон, аиҳабацәа рҿаԥхьа диасны ацәырдӷәаҿы дтәаӡомызт. Аҭаца абхәа иҿы дцәырҵӡомызт. Лыԥшәмеи лареи еицны абхәа иҿы инеиӡомызт. Аишәа еицахатәаӡомызт. Ан ачҳара лыман, зегьы лхы иаллыршон.

— Жәытә натә аахыс аԥсуа ԥхәыс аџьабаа лыцуп, илыцуп иахьагьы. Лара, аԥсуа ԥҟарақәа дрықәныҟәалар акәын. Убарҭ аԥҟарақәа рахьтә, шәара еиҳа иалышәкаауеи?

Зеҳни Ԥыс-иԥа: сара сыԥсы Аԥсны иатәызарц сҭахуп

— Аԥсуа ԥҳәыс зегьы дрыхьӡон. Ахәыҷқәагьы лааӡон, аҩны лбон, афатә-ажәтә ҟалҵон, асас ишиқәнагаз длыдылкылон. Лхы дахәаԥшуан, аамсҭашәара лылан. Ан лоуп изхагылоу зегьы. Аԥсадгьыл ахьчара зылшо ан лоуп. Ан лоуп уи азы аҵеи лаша дзааӡо. Ижәлари иԥсадгьыли рҿаԥхьа иныҟәигаран иҟоу ауалԥшьа илалааӡоит.

— Аамҭа аԥсҭазаара аиҭакрақәа аланагалоит. Ажәытәан, аԥхәыс анапҟазара еиҳа иныҟәылгон. Дықәҵон, дԥон, дӡахуан, дысуан. Уажәы ус анапҟазацәа рацәак иуԥылом. Усҟантәи, насгьы уажәтәи аамҭа шԥашәыдышәкылои?

— Аԥсуа ԥхәыс, лашҭа лгәарала дыудыруан. Аԥсуа ҳәсақәа ажәытә рнапы иҵырхуаз шьарда ыҟан. Исгәалашәоит, сан, саб изы ахҭарԥа лсуан. Ишкәакәаны, ачыхә аҭаны. Саб ихҭырԥа сҵәахындаз, уажәы шаҟа сахьхәуазеи иахьсымам. Ашьаҵатәы, ашәҵатәы лӡахуан, лнапқәа ҟазан. Ихаханы, иԥаны исшәыз аҵкқәа ыҟан. Ахчыхҟьа иҭаҵаны иҵәахны илыман сышәҵатәқәа, сан рыцҳа. Сан адардала илхахон, сашьцәа еиҳабацәа ирԥон. Уи здыруа аҿар иахьа имаҷхеит. Сара, уажәшьҭа сыла иабом ҳәа, иааҟасымҵо акыҟам. Гәыр мацарала, ацәарҭақәыршә иарҭақәо сԥеит ааигәа. Игәхьаазгоит урҭқәа.

Аҭыԥха аҩнра данцоз, лнапкымҭақәа рыла лшәындыҟәра лырҭәуан, дахьцоз илгон. Ацәардаӷәы иқәлыршәуан, аԥенџьыр аҟны икналҳауан илԥақәаз. Луада алалырԥшӡон. Аҭаацәара ныҟәылгар ауп. Аиҳабы дыҟазар имаҵ луруп. Анхәеи абхәеи дырхагьежьуа ргәы ҟалҵароуп. Абхәеи аҷкәыни акреицырфон аԥхьа, анхәеи аҭацеи нас акәын ианеидтәалоз.

— Шәара шәызлахәаԥшуала аԥхәыс еиҳа иабалҭыԥу, аҩнтәи аусқәа рымҩаԥгаракәу, мамзаргьы амаҵзуратә ҭыԥқәа рныҟәгаракәу?

Аԥсуа ҭаца ҳара иаҳдыруа, иаҳбаз дук адәахьы дцаӡомызт. Агәылара днеиуан, цәгьак, бзиарак дагхомызт, аха еиҳарак аҩны дыҟан, аҩны амаҵ луан, аҭаацәара ныҟәылгон. Уажәы, аԥхәыс илылшозар, аҳәынҭқарра амаҵ азылуеит. Аха, аус ирацәаны аҩны илуроуп, акагь агылмыжьроуп.

Ирфан Хәаҷаа: Ахатәы бызшәа амырӡроуп зегь реиҳа ҳзышьҭоу

— Шәара аԥҳәысра, анра, андура иаԥсахаз шәоуп. Згьама еиҳа иалышәкаауеи, насгьы еиҳа аҭакԥхықәра шәыдны шәхы анбашәыԥхьаӡои?

— Ан ахшара длоуеит, длааӡоит. Аха, уанандухалак еиҳа уҟәышхоит, аԥсҭазаара аԥышәа унаҭоит. Уанҿо игәаумҭо, уанажәлак реиҳа иубоит. Андура еиҳа ибзиоуп. Лафынгьы ирҳәоит: "Иухшаз реиҳа, умоҭацәа еиҳа бзиа иубоит" ҳәа. Саргьы ииашоуп ҳәа сазнеиуеит. Аԥсны ҳадгьыл ауп, ҳҿиароуп, ҳрацәахароуп. Атәым ҳәынҭқаррақәа ҳардырроуп. Ҳаӡбахә ианалацәажәалак ҳгәырӷьоит, азхаҵара ҳауроуп. Аԥсынра шьарда ахҭнагахьеит. Ҳҽеидаҳкылароуп.

— Шәара шәылаԥш хара инаӡоит, шәажәа акырԥхылнадоит. Убри аҟынтә шәыдныҳәалара ҳаҳарц ҳҭахыуп.

— Анацәа, андуцәа, аҳәса! Заҟа шәҭаацәа бзи ижәбо, ишәықәгәыӷуа, амчра рышәҭо, убриаҟара шәара шәарԥшӡоит. Шәылахь еиқәымзааит, агәырӷьара еснагь ишәҿықәзааит! Агәамчи, алшареи еснагь ишәыгымзааит!

— Иҭабуп даара ҳаиҿцәажәаразы. Агәыцқьара шәыцзааит! Аныҳәақәа акыр шықәса шәрыдныҳәалазааит!

Ажәабжьқәа зегьы
0