АҞӘА, хәажәкыра 9 – Sputnik, Бадри Есиава. Кәыдрытәи аҩхаахь узго атоннель ахәҭак бгахьан ахәаша, хәажәкыра 6 рзы ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Гәылрыԥшь араион Ажара ақыҭа аиҳабы Сергеи Џьонуа.
Ашәахьа, хәажәкыра 9 рзы Кәыдрытәи аҩхааҿы амҩеи атоннель ахаҭеи рҭагылазаашьа агәаҭаразы Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа ари аҭыԥ ахь днеит.
"Атоннель ахәҭак ахәаша ауха ибгахьан. Ари аҭыԥ уажәазы уавсыртә иҟоуп, аха атоннель иҵегьы абгара иаҿызаауеит. Ус еиԥш иҟалар, Кәыдрытәи аҩхааи уа иҟоу ақыҭақәеи рахь анеира залыршахом, даҽа мҩак злаҟам ала", - азгәеиҭеит Џьонуа.
Иара иажәақәа рыда, атоннель бгар алшоит ҳәа ашәарҭара цәырҵит хәышықәса раԥхьагьы, ахаь ари азҵаара аӡбара иагьаламгацызт. Усҟан аспециалистцәа атоннель арктәуп ҳәа рҳәахьан, аха ари амҩа ада даҽа мҩак злаҟамыз ала, уи аркра залмыршахеит.
Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи Кәыдрытәи аҩхааи еимаздо ргылан 1964 шықәсазы. Хышықәса ҵуеит уи аҭӡы еиҟәшьшьеижьҭеи. Уи аахижьҭеи ари атоннель аҭагылазаашьа шәарҭоуп.
Ааԥхьара зырҭаз уралтәи аспециалистцәа аекспертиза аныҟарҵа ашьҭахь иазгәарҭеит атоннель акапиталтә ремонт аҟаҵаразы амҩанысра зынӡа иаанкылатәхар шакәхо, иагьақәхарџьтәхоит 240 миллион мааҭ.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ашьха иаԥну: Кәыдрытәи аҩхааҿы инхо ауааԥсыра рыԥсҭазаашьа
Валери Бганба Ԥсоу-Аҟәа амҩаду ишәарҭоу ахәҭақәа гәеиҭеит