Ҭырқәтәыла НАТО ахь аҳәара ҟанаҵеит Шьамтәыла азҵаарала иҵегьы ацхыраара арҭарц

Ҭырқәтәыла ахада Таиип Ердоган НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг диԥылеит хәажәкыра 9 рзы Бриуссель.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 10 - Sputnik. Ҭырқәтәыла ахада Таиип Ердоган НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг даниԥыла ашьҭахь аҳәамҭа ҟаиҵеит алианс ахь аҳәара шыҟаиҵаз азы "Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи рҳәаа ахьчараҿи амиграциатә ҭахрақәа рзи ацхырааразы". Абри атәы аанацҳауеит RT.

Урыстәыла ахада Владимир Путини Ҭырқәтәыла ахада Таиип Ердогани хәажәкыра 5 рзы Кремль реиԥылараан иахьазы Идлиб иҟоу аинырратә цәаҳәаҿы хәажәкыра 6 аҵх агәы инаркны ахымца аанкылара мҩаԥгахарц еиқәшаҳаҭхеит.

Аилацәажәара иалҵшәахеит Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи амҩаду М4 аҟны зыҭбаара ф-километрак иҟоу ашәарҭадаратә коридор еицаԥырҵарци Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи хәажәкыра 15 инаркны амҩаду М4 еицахылаԥшларци реиқәшаҳаҭхара.

Путини Ердогани Идлиб иҟоу аибарххара аанкылахарц еиқәшаҳаҭхеит

Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи ирҳәеит уаанӡатәи аиқәшаҳаҭрақәа – 2017 шықәсазы адеискалациатә зонақәа раԥҵарази 2018 шықәсазтәи шәачатәи амеморандуми ишрықәныҟәало аринахысгьы.

Москвеи Анкареи иара убасгьы иазгәарҭеит атерроризм ахкқәа зегьы еилыхрада ирҿагыланы ишықәԥало. Аганқәа ақәшаҳаҭхеит Шьамтәыла аимак еибашьрыла аӡбара шалымшо.

Евроеидгыла атәылақәа хәажәкыра 6 рзы Ҭырқәтәылахь ааԥхьара ҟарҵеит амиграциатә еиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирықәныҟәаны ахыдҵақәа ирыцәхьамҵларц. Иазгәарҭеит амигрантцәа аполитика аганахьала ахы ианамырхәаларц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: