Аԥсны аамҭала амассатә уснагӡатәқәа ааныркылоит

Аԥсны аамҭала амассатә уснагӡатәқәа раанкылара адҳәалоуп коронавирус ареспубликаҿ алаҵәара ашәарҭаразы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 13 - Sputnik. Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба аамҭала ареспублика аҩныҵҟа аспорттә, акультуратә уснагӡатәқәеи аҳәаанырцә аусуратә ныҟәарақәеи рымҩаԥгара аанкылахарц азы аусдҵа инапы аҵеиҩит 2020 шықәса мшаԥы 7 рҟынӡа. Абри атәы аанацҳауеит ахада исаит.

Аусдҵа амҩаԥгашьазы ахылаԥшра рнапы иануп: афинансқәа рминистрра, аҵара аминистрра, аҿари аспорти рзы аҳәынҭеилакы, ақалақьқәеи араионқәеи рхадарақәа.

Хәажәкыра 11 рзы Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара (ВОЗ) иазханаҵеит коронавирус адунеиаҿ алаҵәара пандемиа аҟазшьа шьҭнахит ҳәа.

Пандемиа ҳәа иашьҭоуп тәылак ма атәылақәа жәпакы зымҽхазкыз аепидемиа.

ВОЗ коронавирус иадҳәало аҭагылазаашьа пандемиоуп ҳәа ахырҳәааит

ВОЗ аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла коронавирус иахҟьаны иԥсхьеит 4291-ҩык. Зынӡа иара рыхьхьеит 118-ҩык. Авирус ашьҭа рбеит 114 тәыла рҿы.

Аԥсны аҩныҵҟа уахи-ҽни аусура мҩаԥнагоит иҷыдоу аҭелтә еимадара, акоронавирустә инфекциа азҵаарақәа ирызкны.

Дарбанзаалак изҭаху ианиҭаху аҭел дасыр ҟалоит абарҭ аномерқәа рыла: 7 840 226 44 52; +7 840 226 49 55 - акоронавирус иазку азҵаарақәа рҭак иоурц.

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра акоронавирус иаҿагыланы ақәԥаразы жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара (ВОЗ), Еиду амилаҭқәа реиҿкаара, Евроеидгыла рахь ацхыраара иаҳәахьеит.

Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрреи Роспотребнадзори Аԥсны аҳәаа иахьаԥну асанитар-карантинтә ҭыԥқәа рырӷәӷәара иацхраауеит.

Урыстәылеи Аԥсни рҳәааҿы иара убасгьы иаԥҵахоит асанитар-карантинтә ҭыԥ. Егры аҳәаала аус зуа аҳақьымцәа рыбригада аусурагьы рыӷәӷәахоит.

Ареспубликаҿы иаԥҵахоит авирус здырбалаз рзы акарантин ахьеиҿкаахо амедицинатә усҳәарҭақәа. Уи адагьы аамҭалатәи авирустә инфекциа зыхьуа рзгьы иаԥҵахоит акарантин, урҭ рҭаара ԥкхоит.

Хәажәкыра 11 рзы Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба адҵа ҟаиҵеит Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа 2020 шықәс ахәажәкыра 14 инаркны иаркызарц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: