Аԥсны коронавирус аҿагыларазы ауснагӡатәқәа еиҳагьы идырӷәӷәоит

© Sputnik / Томас ТхайцукМинздрав Абхазии
Минздрав Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иахьаҵанакуа коронавирус џьаргьы иҟам ҳәа лҳәоит ареспублика асанитар ҳақьым хада Лиудмила Скорик.

АҞӘА, хәажәкыра 5 - Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра ахәыҷқәа злахәу амассатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара ԥнакуеит. Абри азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит аусбарҭа ахада хәажәкыра 5 рзы.

Аусԥҟа инақәыршәаны асанитар-епидемиологиатә маҵзура анапы ианҵоуп коронавирус аларҵәара алзмыршо ауснагӡатәқәа аднакылаларц, аурыс-аԥсуа, ақырҭуа-аԥсуа ҳәааҿы ахылаԥшра еиҳагьы ирӷәӷәазарц.

Иара убасгьы ахылаԥшра рыҭалатәуп коронавирус ахьыҟаз атәылаҟынтә Аԥсныҟа иааз ахаҿқәа зегьы. Урҭ ачымазара рыдбалазар, ахәышәтәырҭахь инагатәуп.

Аиҳарак азхьаԥшра рыҭалатәуп 60 шықәса ирҭысхьоу ауаа.

Асанитар-епидемиологиатә маҵзура иара убасгьы ирнырлароуп Аԥсны иҟоу жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа урҭ агуманитартә цхыраара ҟарҵаразы.

Коронавирус рымазар ҟалоит ҳәа агәаанагара ззыҟоу зегьы ранализқәа Роспотребнадзор иатәу авирусологиеи абиотехнологиеи рцентр абазаҿы иҟоу Референс-центр ахь амониторинг азы инашьҭтәуп.

Работы в лаборатории  - Sputnik Аҧсны
Ауааԥсыра коронавирус рацәыхьчаразы аусбарҭабжьаратә штаб аԥҵоуп

Аԥсны уахи-ҽни аусура мҩаԥнагоит иҷыдоу аҭелтә еимадара, акоронавирустә инфекциа азҵаарақәа ирызкны.

Дарбанзаалак изҭаху ианиҭаху аҭел дасыр ҟалоит абарҭ аномерқәа рыла: 7 840 226 44 52; +7 840 226 49 55 - акоронавирус иазку азҵаарақәа рҭак иоурц.

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра акоронавирус иаҿагыланы ақәԥаразы жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара (ВОЗ), Еиду амилаҭқәа реиҿкаара, Евроеидгыла рахь ацхыраара иаҳәахьеит.

Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрреи Роспотребнадзори Аԥсны аҳәаа иахьаԥну асанитар-карантинтә ҭыԥқәа рырӷәӷәара иацхраауеит.

Урыстәылеи Аԥсни рҳәааҿы иара убасгьы иаԥҵахоит асанитар-карантинтә ҭыԥ. Егры аҳәаала аус зуа аҳақьымцәа рыбригада аусурагьы рыӷәӷәахоит.

Ареспубликаҿы иаԥҵахоит авирус здырбалаз рзы акарантин ахьеиҿкаахо амедицинатә усҳәарҭақәа. Уи адагьы аамҭалатәи авирустә инфекциа зыхьуа рзгьы иаԥҵахоит акарантин, урҭ рҭаара ԥкхоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0