Арадио

Сангәлиа Ҷлоу ақыҭауаа рыбзазашьазы: 2016 шықәса раахыс аӡы азҵаара ҳзымӡбеит

Ҷлоу ақыҭа ахада Аслан Сангәлиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит дызхагылоу ақыҭа абзазашьа атәы.
Sputnik
Сангәлиа Ҷлоу ақыҭауаа рыбзазашьазы: 2016 шықәса раахыс аӡы азҵаара ҳзымӡбеит

"Иахьа ақыҭақәа зегьы ирымоуп еицырзеиԥшу ауадаҩрақәа. Уи, аԥхьа инаргыланы, амҩақәа рҭагылазаашьа, фымцалашарала аиқәыршәара, аӡы. 2016 шықәса раахыижьҭеи аӡымҩангагақәа рызҵаара нагӡаны иҳамам. Ҳаблақәак рҟны иӡбазаргьы, аиҳарак ари азҵаара ӡбамкәа иаанхеит. Амҩақәа ртәы ҳҳәозар, ҳзеиҭамнеиааиуа ҳаҟам, аха ацхыраара ахьаҳҭаху ыҟоуп. Афымцашьаҟақәа ахьыԥсаху ыҟоуп, аха ацәаҳәақәа ԥсахымкәа иҟоуижьҭеи акырҵуеит", - иҳәеит Сангәлиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.