Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Сангәлиа Ҷлоу ақыҭауаа рыбзазашьазы
"Иахьа ақыҭақәа зегьы ирымоуп еицырзеиԥшу ауадаҩрақәа. Уи, аԥхьа инаргыланы, амҩақәа рҭагылазаашьа, фымцалашарала аиқәыршәара, аӡы. 2016 шықәса раахыижьҭеи аӡымҩангагақәа рызҵаара нагӡаны иҳамам. Ҳаблақәак рҟны иӡбазаргьы, аиҳарак ари азҵаара ӡбамкәа иаанхеит. Амҩақәа ртәы ҳҳәозар, ҳзеиҭамнеиааиуа ҳаҟам, аха ацхыраара ахьаҳҭаху ыҟоуп. Афымцашьаҟақәа ахьыԥсаху ыҟоуп, аха ацәаҳәақәа ԥсахымкәа иҟоуижьҭеи акырҵуеит", - иҳәеит Сангәлиа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.