Урыстәыла Аладатәи арратә округ аминаршәыҩцәа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Урыстәыла Аладатәи арратә округ аминаршәыҩцәа Аԥсны рҽазыҟаҵарақәа ирылахәын зықьҩык рҟынӡа аррамаҵзурауааи 300 рҟынӡа арратә техникеи.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 16 – Sputnik. Урыстәыла Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа– аминаршәыҩцәа Аԥсны ахысрақәа мҩаԥыргеит "еиҭаҵуа" аминаршәгақәа рхархәарала, аполигонқәа Ҵабали Нагвалоуи рҿы. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Арратә округ аруаа аихеихаԥсатә техникала аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Аминаршәыҩцәа рхысрақәа ирыбзоураны акомандаҟаҵаратә гыларҭақәа, акәылӡтәы техника, акәылӡ маҷ змоу аӷа итехника аимитациа азызуаз шьаҽын 120 миллиметра згәыцә ыҟоу ахысгақәа рыла. Аинырра рыман авиациеи, атанкрныҟәцаҩцәеи дареи.

Автомашьынақәа ирықәыргылаз аминаршәгақәа шьақәыргылоуп иахьатәи аамҭазы иҟоу аибашьрақәа рԥышәа ахархәарала. Дара иалдыршоит акыр еиҳау "аӷа" имчрақәа рҿагылара, ирбаанӡа, иаарласны рҭыԥ аԥсахра.

Урыстәыла Аладатәи арратә округ аминаршәыҩцәа Аԥсны рҽазыҟаҵарақәа ирылахәын зықьҩык рҟынӡа аррамаҵзурауаа, аиҳарак - ҿыц аррахь инаԥхьоу рҟынтә, 300 рҟынӡа арратә техникеи.