Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аусура шымҩаԥысыц имҩаԥысуеит

Урыстәыла аиҳабыра хәажәкыра 18 инаркны лаҵара 1 аҟынӡа атәымтәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи атәыла ралалара ԥнакуеит акоронавирус инадҳәаланы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 17 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аусура шымҩаԥысыц имҩаԥыслоит Аԥсны аҵакыраҿы ачымазара ҿкы аҭыԥ ахьамам азы ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит Ацҳаражәҳәарҭа.

Евроеидгыла ааԥхьара ҟанаҵоит атәымтәылауаа рзы аҳәаақәа аркызарц

Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә ҟәшагьы уаанӡатәи аграфик ала аус аулоит.

Иҟоу адыррақәа рыла, Аԥсны аҩныҵҟа акоронавирус COVID-19 аӡәгьы имам.

Аԥсны иаиураны иҟоуп агуманитартә цхыраара амедперсонал акоронавирус рацәыхьчаразы. Уаанӡа арахь иааргахьеит аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" иқәыргылахо атепловизор.

Ареспублика аҩныҵҟа акоронавирус алаҵәара аԥкразы акультура-массатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара хәажәкыра 12 инаркны иаанкылоуп, ашколхәыҷқәа аԥсшьарамшқәа рыҭоуп.

Хәажәкыра 14 раахыс Аԥсныи Қырҭтәылеи рҳәаа аркуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: