Акоронавирус иахҟьаны ашьапылампыл азы 2020 шықәсазтәи Европа ачемпионат ахыгоуп

Ашьапылампыл азы Европа ачемпионат иалахәхараны иҟан Европа ақалақьқәа 12 рыклубқәа. Атурнир амҩаԥгара азԥхьагәаҭан сынтәа, рашәара-ԥхынгәы амзақәа рзы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 18 - Sputnik. Европатәи ашьапылампылтә ассоциациақәа Рхеилак арзаҳал инақәыршәаны, сынтәатәи аԥхынразы имҩаԥысраны иҟаз Европа ачемпионат ииагахоит 2021 шықәса аԥхынрахьы акоронавирус иахырҟьаны.

Урыстәыла аиҳабыра акоронавирус иазку асаит аусура иаладыргеит

Уаанӡа акоронавирус иахырҟьаны иаанкылан Англиа, Италиа, Испаниа, Франциа, Германиа, Португалиа, Нидерланды уҳәа Европа атәылақәа рчемпионаттә хәмаррақәа.

ЕВРО-2020 мҩаԥысраны иҟан рашәара 12 - ԥхынгәы 12 рыбжьара Европа ақалақьқәа 12 рҟны, Римгьы убрахь иналаҵаны.

Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара хәажәкыра 11 рзы акоронавирус COVID-19 пандемиоуп ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: