500-ҩык рҟынӡа аҳәаанырцәуаа Аԥсны ралалара ԥкуп

© SputnikКПП Псоу
КПП Псоу  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳазҭоу ашықәс хәажәкыра 1 инаркны мшаԥы 7 рҟынӡа Аԥсны аҵакырахь аҳәаанырцәуаа ралалара ԥкуп акоронавирус иахырҟьаны.

АҞӘА, хәажәкыра 18 - Sputnik. Аԥсны аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура ареспублика алаларазы мап рыцәнакхьеит 565-ҩык аҳәаанырцәуаа.

Иара убасгьы аҳәаанырцә тәылақәа ртәылауаа 139-ҩык авиза рыҭара мап ацәкуп.

Хәажәкыра 11 рзы Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара  иазханаҵеит акоронавирус адунеиаҿ алаҵәара пандемиа аҟазшьа шьҭнахит ҳәа.

Минздрав Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Агәабзиарахьчара аминистрра: акоронавирус иаҿагыло ахәшә аҳауантә ирыларҭәом

Пандемиа ҳәа иашьҭоуп тәылак ма атәылақәа жәпакы зымҽхазкыз аепидемиа. Авирус ашьҭа рбеит 114 тәыла рҿы.

Аԥсны аҩныҵҟа уахи-ҽни аусура мҩаԥнагоит иҷыдоу аҭелтә еимадара, акоронавирустә инфекциа азҵаарақәа ирызкны.

Дарбанзаалак изҭаху ианиҭаху аҭел дасыр ҟалоит абарҭ аномерқәа рыла: 7 840 226 44 52; +7 840 226 49 55 - акоронавирус иазку азҵаарақәа рҭак иоурц.

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра акоронавирус иаҿагыланы ақәԥаразы жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара, Еиду амилаҭқәа реиҿкаара, Евроеидгыла рахь ацхыраара иаҳәахьеит.

Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрреи Роспотребнадзори Аԥсны аҳәаа иахьаԥну асанитар-карантинтә ҭыԥқәа рырӷәӷәара иацхраауеит.

Урыстәылеи Аԥсни рҳәааҿы иара убасгьы иаԥҵахоит асанитар-карантинтә ҭыԥ. Егры аҳәаала аус зуа аҳақьымцәа рыбригада аусурагьы рыӷәӷәахоит.

Ареспубликаҿы иаԥҵахоит авирус здырбалаз рзы акарантин ахьеиҿкаахо амедицинатә усҳәарҭақәа. Уи адагьы аамҭалатәи авирустә инфекциа зыхьуа рзгьы иаԥҵахоит акарантин, урҭ рҭаара ԥкхоит.

Хәажәкыра 11 рзы Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба адҵа ҟаиҵеит Аԥсныи Қырҭтәылеи рҳәаа 2020 шықәс ахәажәкыра 14 инаркны иаркызарц.

Иара убасгьы Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба аамҭала ареспублика аҩныҵҟа аспорттә, акультуратә уснагӡатәқәеи аҳәаанырцә аусуратә ныҟәарақәеи рымҩаԥгара 2020 шықәса мшаԥы 7 рҟынӡа иаанкылахарц азы аусдҵа инапы аҵеиҩит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: 

Ажәабжьқәа зегьы
0