Амҷԥҳа лажәақәа рыла, иахьазы Германиа зегьы иааидкыланы ф-нызқьҩык инареиҳаны ачымазцәа ыҟоуп.
"Ақалақь ҭацәуп, ауаа маҷны иныҟәоит, ԥсыхәа змам ак акәымзар, еиҭанеиааиуам. Ауааԥсыра афатә рацәаны иаархәоит, аӡыржәтә, иара убас ахәшәқәа. Ахәқәагьы ирыцлеит, уи зегьы еицгәарҭеит. Ахәыҷқәа аинтернет ала адҵақәа рзаарҭиуеит, аҩныҟатәи адҵақәагьы ҟаҵаны ус алоуп ишырзырышьҭуа. Уажәы ахәыҷқәа хы-мчыбжь иоушьҭуп, аха анаҩс амшаԥазы еиҭа ҩы-мчыбжь аԥсшьарамшқәа ыҟоуп, иааидкыланы хәы-мчыбжь аусура аанкылоуп. Аус зымур амуа рсиақәа зегьы аинтернет аҟны иҟоуп, урҭ рахь иаҵанакуеит аҳақьымцәа, азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа, афинансқәа ирыдҳәалоу уҳәа аангылашьа змам аусбарҭақәа русзуҩцәа аусура инеироуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Амҷԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Гәылрыԥшьтәи адиспансер аҿы акоронавирус зыхьуа рзы 20 палата рхиахоит
Аԥсны акоронавирус аҿагыларазы амедусзуҩцәа рзы агуманитартә цхыраара ааит