Урыстәылатәи аруаа "аӷа" дааныркылеит

Арҭ аҽазыҟаҵарақәа ирхықәкы хаданы иҟоуп амшын аԥшаҳәаҟны архәҭақәа еишьашәаларыла реибашьра аиҿкаара.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 18 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ амаҵурауаа арратә полигон Нагвалоу аҟны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит. Аполигон Амшын еиқәа аԥшаҳәа иаԥнуп. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура. 

Аԥсны ашьхараҿы "адиверсантцәа ҭадырхеит"

Аруаа "аӷа" иқәкны ахысра ҭарҵеит АКС-74У, РПГ, ПКМ, ПКП ("Печенег"), АК-74М, М3 рыла. Иара убри аамҭазы амотохысцәа аҳауаҟынтә ажәылара аԥдырҟәҟәаауан, "аӷа" идиверсиа-ԥшыхәратә гәыԥ ҭадырхон.

Аҽазыҟаҵаратә уснагӡатәқәа ирылахәын 500-ҩык рҟынӡа аруааи 100 иназынаԥшуа арратә техникеи – ҳаамҭазтәи акәылӡтәы транспартиорқәа БТР-82АМ, атанкқәа Т-72Б3, 152-миллимитра згәыцә ыҟоу артиллериатә шьақәгылақәа "Акация", ареактивтә системақә "Град" реиԥш иҟоу.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: