АҞӘА, хәажәкыра 19 – Sputnik, Бадри Есиава. Асоциалтә ҳақәа рҟны ицәырҵыз ацәажәарақәа аҳәаанырцәуаа аҳәаа рахысраан аҵарҭыша агара аҭыԥ амоуп ҳәа иҟоу ацәажәарақәа ахҳәаа рырҭеит ашәарҭадара знапы иану аусбарҭақәа рхадацәа.
Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Нодар Чачхиани иазгәеиҭеит ари аинформациа шьақәзырӷәӷәаша фактк шыҟам. Усеиԥш иҟоу аус аҭыԥ аманы ишьақәыргылахар ахара зхароу ирықәнаго иақәыршәахоит иҳәеит иара.
"Асабарда зҿаҵаны ауҳәан-сҳәан гәаразҵо, асоциалтә ҳақәа рҭааҩцәа ирҳәо ахаҵара сгәы иҭам. Сара зыгәра зго афактқәа роуп. Усеиԥш збар, иахәҭоу ахара иақәсыршәоит", - иҳәоит иара.
Иара убасгьы иҳәеит асеиԥш аҭыԥ змоу ахҭыс аҵаҵӷәы аманы ианыҟоу азхьаԥшра дшақәшаҳаҭу.
Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура аиҳабы Андреи Бобуа иҳәеит ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба иусдҵа ашьҭахь 140-ҩык Азиа атәылауаа Аԥсны аҵакыра аанрыжьит ҳәа, убри аан 430-ҩык атәымтәылауаа атәыла алалараз мап рыцәкуп ҳәа.
Аҳәаахьчаҩцәа аҵарҭыша ргоит ҳәа ишьақәырӷәӷәоу фактк сымам ҳәа иҳәоит Бобуа.
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны азыҳәа нанашьҭит Апрокуратура хадахьы аҳәаахьчаратә маҵзурақәа русзуҩцәа аҵарҭыша шыргаз азы иҵаҵӷәырку адырра рымоу ирымаму азы адырра ҟарҵарц азы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Асанитартә ҳақьым хада: Аԥсны акоронавирус ашьҭамҭа ыҟам
Агәабзиарахьчара аминистрра: Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа аркхоит