АҞӘА, жәабран 27 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Мшаԥы 7 рҟынӡа Гал араион ауааԥсыра Аԥснынтәи Қырҭтәылаҟа риасразы азиншәҟәқәа рыҭара иаҟәыҵуеит Қырҭтәыла иахьаҵанакуа акоронавирус ацәырҵра иахҟьаны ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзураҿы.
"Иахьа Аминистрцәа реилазаараҿы аилацәажәара мҩаԥысуан, аԥыза-министр Валери Бганба иусԥҟа иалацәажәон. Аусԥҟа аредакциа ҿыц ала ирыдгалан. Қырҭтәылеи Аԥсни рҳәаа аушьҭырҭатә ҭыԥ аҿы арежим еиҳа ирӷәӷәахоит, аӡәгьы доурышьҭуам уахьгьы арахьгьы. Мшаԥы 7 рҟынӡа Гал араион ауааԥсыра Аԥснынтәи Қырҭтәылаҟа риасразы азиншәҟәқәа рыҭарагьы иаҟәыҵуеит. Ажәакала, акарантин рылаҳәоуп. Ԥсоу аҿтәи аҳәааҿ акәзар, Урыстәыла атәылауаа азин рымоуп аҳәаа ахысра", - рҳәеит амаҵзураҿы.
Иара убри аан Аахыҵ Уаԥстәыла Қырҭтәыла иаԥну аҳәаа анаркит, аушьҭырҭатә ҭыԥқәа зегьы аус шырымуа азы аҳәамҭа ҟанаҵеит.
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, адунеи аҿы акоронавирус иахырҟьаны рыԥсҭазаара иалҵхьеит 2804-ҩык, ачымазара рымоуп ҳәа иԥхьаӡоуп 82 713–ҩык.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Акоронавирус иахырҟьаны аҳәаанырцәтә тәылауаа рзы аԥкрақәа алагалоуп
-
Аԥсны ААР ҳауаажәлар аарыԥхьеит акоронавирус ахьцәырҵыз атәылақәа рахь имцаларц
-
Арҷелиаԥҳа: иаабац асабрадақәа акоронавирус аҟынтәи ауаҩы дырзыхьчом