Асанитартә ҳақьым еиҭалҳәоит ачарақәеи аизарақәеи рымҩаԥгара зыԥкым

Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба аусдҵа инапы аҵеиҩит ареспубликаҿы аcпорттәи акультуратәи уснагӡатәқәа рымҩаԥгара ԥкызааит ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 19 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны ахадарахьы акандидатцәеи ауаажәларреи реиԥылара, ауаа рацәа злахәу ачарақәа Аԥсны рымҩаԥгара азин ԥкым. Абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.

"Иахьатәи аҭагылазаашьақәа рыла Аԥсны ахадарахьы акандидатцәеи ауаажәларреи реиԥылара, ауаа рацәа злахәу ачарақәа Аԥсны рымҩаԥгара уацәшәартә иҟам. Ҳтәыла аҵакыраҿы аинфекциа аҭыԥ амам. Ихадараны иҟоу акоронавирус ахьыҟоу атәылақәа рҟынтәи иааз рхы гәарҭалар ауп. Макьаназы шәарак аҭыԥ амам", - лҳәоит Скорик.

Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба идҵала акоронавирус 2О19-nCoV аҿацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аԥҵоуп.

Адҵа инақәыршәаны аҵаратә усҳәарҭақәа, аспорттәии акәашаратәии секциақәа, Аҳәынҭқарратә университет, Аҟәатәи иаарту аинститут, абжьара-профессионал ҵаратә усҳәарҭақәа рҟны аԥсшьарамшқәа 2020 шықәса хәажәкыра 30 рҟынӡа инахоуп.

Аԥсны акоронавирус аҽацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аԥҵоуп

Адокумент аҿы иарбоуп акоронавирус аҭыԥ ахьамаз атәылаҟынтә иааз ауаа 14 мшы аҩнтәы карантин рымазароуп ҳәа.

Аҳәынҭқарратә напхгаратә мчрақәеи, анаплакқәеи, аиҿкаарақәеи ашоура змоу русуцәа аусурҭа ҭыԥқәа рҟны рыҟамзаара еиҿыркаароуп.

Иара усгьы ауаажәлар рахь аҳәара ҟаҵоуп абри аамҭақәа рзы аныҳәатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара рҽацәхьаркырц.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр хәажәкыра 18 рзы идикылеит Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара ахаҭарнакцәа рделегациа.

Агәабзиарахьчаразы аекспертцәа аԥсуа ҟазауаа абжьагарақәа рырҭоит ҳәа аанацҳауеит адәныҟаполитикатә усбарҭа асаит.

Агәабзиарахьчаҩцәа Аԥсныҟа иааргеит 500 инарзынаԥшуа ахаҭалатә хархәагақәа, 600 литра антисептикқәа, 500 литра абактериақәа ықәзыӡәӡәаауа асапынӡшьар.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: