Аԥсны акоронавирус аҽацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аԥҵоуп

Иахьатәи аамҭазы ареспублика аҩныҵҟа авирустә инфекциа – акоронавирус змоу уаҩ дыҟам, аха аҿагыларатә уснагӡатәқәа ирҿуп.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 19 - Sputnik. Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба аусдҵа инапы аҵеиҩит акоронавирустә инфекциа 2019-nCoV аҿагыларазы Акоординациатә штаб аԥҵазарц.

Агәабзиарахьчара аминистрра: акоронавирус азы агәаҭара иалагоит хәажәкыра 21 рзы

Акоординациатә штаб иалахәуп:

Бганба В.Р. – Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо (ахантәаҩы);

Агрба А.Н. – Аԥсны апрокурор хада;

Бобуа А.А. –Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура аиҳабы;

Габлиа Р.И. – Аԥсны аенергетикеи, атранспорти, аимадареи рзы аилак аиҳабы;

Инаԥшьба Г.С. – Аԥсны аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы;

Кәыҵниа Б.К. – Аԥсны ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ инапынҵақәа назыгӡо;

Кәыҵниа Л.К. – Аԥсны АҶА аминистр;

Ақаҩба Д.В. – Адәныҟатәи аусқәа рминистр;

Какоба А.П. – Аҵара аминистр;

Кәарҷиа К.В. – Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо;

Марганиа З.Б. – Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы;

Нанба Д.Э. –афинансқәа рминистр;

Сангәлиа Д.Р. – Аминистрцәа реилазаара аппарат анапхгаҩы;

Смыр Р.К. – Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр;

Скорик Л.В. – Ареспублика асанитартә ҳақьым хада;

Ҵахнакьиа Т.М. – Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистр;

Ҵәыџьба Б.А. – Атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ;

Шамба Д.М. – Аԥсны ахада Иусбарҭа анапхгаҩы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: